АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Аԥсны акубок афиналтә хәмарра мҩаԥыргеит "Нарҭи" "Гагреи". Аиааира ргеит "Нарҭ" ахәмарцәа.
Ахәмарра ахәаԥшразы еизеит ауаарацәа. Ахәмарра акыр аинтерес аҵаны имҩаԥысуан. Ҳәарада иҟан аԥҟарра еилагарақәагьы. Актәи атаим аан аҳҭнықалақь акоманда амба ампыл ҭадыршәит. Гаграа егьа рҽыршәазаргьы актәи атаим азы ампыл аҭак рызҭамыршәит.
Аҩбатәи атаимгьы алагеит гаграа рзы ишәарҭаны, аха амбахьчаҩы илшоз ҟаиҵеит ампыл аанкыларазы.
59-тәи аминуҭ азы аҟәатәи ашьапылампыласыҩ Никита Филатов 2:0 ҳәа аиндаҭлара шьақәиргылеит.
75-тәи аминуҭ азы гаграа ампыл аҭаршәра рылдыршеит. 2:1.
Абас ишыҟаз ахәмаррагьы нҵәеит. Ҵыԥхтәи акубок ранашьан Афонтәи акоманда иаиааиз Гәдоуҭатәи акоманда ахәмарыҩцәа.