АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иахьаҵанакуа 700 рҟынӡа гектар ашәырҵлақәа ԥхасҭахеит аҳәынҭқарратә ԥаразоужьра ахьыҟамыз иахҟьаны. Иҳәеит ҳкорреспондент даниҿцәажәоз Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба.
"2012-2013 шықәсқәа рзы ашәырҵлақәа еиҭаҳан 1441 гектар рҿы: аҵәа, аҳа, алаҳа, абҳәа, ажь уҳәа хкы рацәала. 2014 шықәсанӡа хықәкыла атәыла абиуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра мҩаԥысуан, нас уи аанкылахеит. Убри инадҳәаланы аусуҩцәа рџьаԥсахәқәа шәамызт. Абаҳчақәагьы аус рыдулара иаҟәыҵит. Иахьазы рыбжеиҳара абнара рхыҵәеит", — иҳәеит аминистр.
Аҭагылазаашьа угәы унархьыртә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
"Ҳтәылаҟны ашәыр ахархәара дууп", — иҳәеит иара.
Тарба иажәақәа рыла 2012, 2013, 2014 шықәсқәа рзы уалны иҳақәуп 34 миллиони 720 нызқь мааҭ. 2014 шықәса рзы иааз атәыла анапхгара ҿыц аҭакԥхықәра рхахьы иргеит ауалшәаразы.
Даур Ҭарба иҳәеит Аԥыза-министр анапынҵа шыҟаиҵаз уажәазы Ақыҭанхамҩа аминистрра абиуџьет аҟынтәи 15 миллион мааҭ шәахарц, иаанхаз – шәахоит ашықәс нҵәаанӡа.