Аунивермаг "Гәында" ахаҿра еиҭашьақәдыргылоит

© Sputnik Томас ТхайцукГәдоуҭатәи аунивермаг "Гәында"
Гәдоуҭатәи аунивермаг Гәында - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи аунивермаг "Гәында" ргылан 1909 шықәса рзы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иара маҷ-маҷ игәыгәҭажьхеит. Уи адагьы иара иавагылаз ахыбра аныбылуазгьы ааха аиуит.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Аунивермаг "Гәында" аиҭашьақәыргылара иалагеит мызк аԥхьа. Уажәы уи ахыркәшарахь инеиит ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ӡиӡариа.

Аунивермаг "Гәында" уаанӡа ишыҟаз еиԥш ахаҿра еиҭашьақәыргылахоит.

"Аусурақәа мызк аԥхьа нап рылакын. Араион абиуџьет иҟанаҵаз аԥаразоужьрала аусурақәа мҩаԥысуеит. Аунивермаг ишалшо ала ишыҟаз еиԥш ахаҿра ааныжьхоит", — иҳәеит Ӡиӡариа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аусурақәа аҽа мчыбжьқәак ишрыдхало.

"Уаанӡагьы ҳадзырхало ашәқәеи аԥенџьырқәеи Ростов иахьаҿаҳҵаз ауп", — иҳәеит Ӡиӡариа.

Иара иажәақәа рыла аунивермаг аҿаԥхьа игылоу ахыбрагьы ахыбра еиҭадырҿыцуеит. Уигьы аҭоурыхтә ҟашьа амоуп. Ахыб аныԥсаххалак ашьҭахь адәныҟатә усурақәа хацыркхоит.

Аунивермаг ахыбраҟны раԥхьа иҟан асасааирҭа "Империал". Насоуп уа аунивермаг анаартха.

Ажәабжьқәа зегьы
0