Ахыҽҽарахь уназго амҩа раҩсуеит аметро атунель угәалазыршәо акьыр ҽхыҭқәа. Миллион шықәсала урҭ аӡы иҵнаӡәӡәаауан. Иҟалап ажәытәӡа зны ари адгьылаҵатәи аҳәынҭқарра иҵегь иҭбаазар, аха уажәы ишыҟоу еиԥш иара адунеи иазаатит шәышықәсаҟа раԥхьа.
Аӡхыҽҽақәа хԥа ыҟоуп: актәи Аҭацакас ахьӡуп, аҩбатәи –Абжьаратә, ахԥатәи – Атиулень ҳәа азырҳәоит. Уи макьана зҽеиҿызымкаац сталактитуп. Аӡы ҩеижәижәаба метра иҟоу аҳаракыраҟынтәи ихыҽҽоит. Ааигәа ақәа млеицт азы Аҭацакаси, Абжьаратәи аӡхыҽҽақәа рҟны аӡы зынӡа имаҷуп. Атиулень акәзар есқьаангьы иԥшӡоуп, аԥшрала даара иугәаланаршәоит ахьӡ ззахьӡырҵаз амшынԥсыӡ асахьа.
Инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра.

1/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡхыҽҽахьы уназго амҩа алагоит абри адәы ала.

2/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашыцламҭә зхысны иҟоу абнара ааҳакәыршаны аҳра ауеит.

3/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахыҽҽарахь уназго амҩа раҩсуеит аметро атунель угәалазыршәо акьыр ҽхыҭқәа. Миллион шықәсала урҭ аӡы иҵнаӡәӡәаауан.

4/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиҩхаа зегьы хыхьынтәи ԥардаҵас аҟарма азнеиуеит.

5/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡхыҽҽа ааигәара иҟоу абнаҿы акәыкәбаақәа рацәаны изҳауеит.

6/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
1891 шықәса рзы Кәыдрытәи аиҩхааҟны адгьылҵысра ҟалеит. Уи иахҟьаны аӡиа Амытҟьали Шакәртәи аӡхыҽҽеи иит.

7/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Шакәртәи аӡхыҽҽа - макьана зҽеиҿызымкаац сталактитуп.

8/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡхыҽҽа ааигәа-сигәа аныҟәара мариам, аҵиаақәа рацәаны изҳауеит.

9/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ҵаҟа, улаԥшҳәаа иахьаҵанакуа еилаӡҩоит аӡиасқәа Кәыдри Џьамԥали.