Қьырсаныҳәатә лакә "Рождество в доме Купьелло" иҩит италиатәи акомедиограф Едуардо де Филиппо. Уи иалхыз аспектакль ықәдыргылеит Аурыс драматә театр артистцәа.
Аспектакль апремиера мҩаԥысит жьҭаара 19 рзы. РУСДРАМа адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла бзиа иубои иузааигәоуи уареи шәеизыҟазаашьақәа еснагь ишыгәцараклатәу атәы зҳәо ҭоурыхуп асценахь ицәыргахо.
Аспектакль "Рождество в доме Купьелло" апремиера аншлагла имҩаԥысит. Ахәаԥшыҩцәа рыгәҭа иҟан атәыла Ахада рауль Ҳаџьымба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григорьев.
"Рождество в доме Купьелло" ахәаԥшцәа ирбар алшоит жьҭаара 20-21 рзы. Уи ашьҭахь ахәаԥшцәа ирыдгалахоит 16 шықәса асценаҟны иҟоу, еиҭарҿыцу аспектакль "Тартюф".

1/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Апиеса "Рождество в доме Купьелло" асиужет - аҭаацәараҿы иуԥыло ауп, ахатә трагедиеи аиумори амоуп.

2/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахаҿсахьақәа зегьы рхатәы ԥсихологиатә цәаҩа рхоуп.

3/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Атипографиаҿы аус зуа Лука Купьелло (Џьамбул Жорданиа) — "ахәыҷы ду" ҳәа изуҳәартә ҟалоит, иҭаацәараҿы аҭынчра изыҟаҵом, убри аҟынтә иара аԥсаҵлазы ахәмаргақәа ҟаиҵоит.

4/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Купьелло иҭаацәа ӷаруп. Аҭаацәа рхада изаҵәра убоит асценаҿы.

5/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспектакль "Рождество в доме Купьелло" аҿы РУСДРАМ актирцәа зегьы алахәын. "Рождество в доме Купьелло" ахәаԥшцәа ирбар алшоит даҽа ҩынтә.

6/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ҩ-сааҭк рыҩныҵҟа аспектакль ахьымҩаԥысуа ауада заҵә арежиссиори асахьаҭыхҩи ган рацәала аарԥшра рҽазыршәон.

7/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспектакль аԥсҭазаара уадаҩ змоу ауаа, аха агәыҭбаара зцәымӡыз рахь абзиабареи арыцҳашьареи аанарԥшуеит.

8/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Реиҳа иуадаҩу арольқәа иреиуоуп Донна Кунче лроль. Уи налыгӡон Анна Гиурегиан. Артистка лажәақәа рыла ароль лара лзы ауадаҩра аман, избанзар лфырԥҳәыс лгәырҩа лыцеиҩылшон. "Сара сфырԥҳәыс лгәы ҭбаауп, аҭаацәара бзиа лымоуп аха ирҭаху ишырҭаху иҟалом. Лара илҭахуп аҭаацәара еиқәлырхарц", - лҳәоит актриса.

9/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Купьеллоаа рҭаацәара иаарыкәыршан аԥсҭазаара ццакы-ццакуа ииасуеит: абзиеибабара, аиӷара зегь ыҟоуп, аха арыцҳара аныҟалалак еидгылоит зегьы.

10/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Лука иашьа Паскуалино ахәаԥшцәа бзиа дырбоит рацәак дышҵоурамгьы. Иара ахәыҷқәа реиԥш Қьырсаныҳәа аџьашьатәқәа рыгәра игоит, иҭахуп иашьеиԥа шәышықәса изеиӷьеишьарц.

11/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Нинучча ҳара даадыруеит лхаҵеи лареи еисны лабраахь даннеиуа инаркны. Лара иаалырԥшуеит ароманқәа рҟнеиԥш абзиабара зҭаху аԥҳәыс лхаҿсахьа.

12/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Неннино — маҷк имбжьаху арԥысуп. Иаб иашьа Паскуалинои иареи лассы-лассы ажәа еимаркуеит. Неннино иахәҭоу ааӡара змоуз аӡә иоуп.