"Қьырсаныҳәа" жьҭараамзазы

Анапаҵаҩра
Жьҭаара 19 рзы аспектакль "Рождество в доме Купьелло" апреимиерала иаатит Аурыс драматә театр 36-тәи асезон.

Қьырсаныҳәатә лакә "Рождество в доме Купьелло" иҩит италиатәи акомедиограф Едуардо де Филиппо. Уи иалхыз аспектакль ықәдыргылеит Аурыс драматә театр артистцәа.

Аспектакль апремиера мҩаԥысит жьҭаара 19 рзы. РУСДРАМа адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла бзиа иубои иузааигәоуи уареи шәеизыҟазаашьақәа еснагь ишыгәцараклатәу атәы зҳәо ҭоурыхуп асценахь ицәыргахо.

Аспектакль "Рождество в доме Купьелло" апремиера аншлагла имҩаԥысит. Ахәаԥшыҩцәа рыгәҭа иҟан атәыла Ахада рауль Ҳаџьымба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григорьев.

"Рождество в доме Купьелло" ахәаԥшцәа ирбар алшоит жьҭаара 20-21 рзы. Уи ашьҭахь ахәаԥшцәа ирыдгалахоит 16 шықәса асценаҟны иҟоу, еиҭарҿыцу аспектакль "Тартюф".

© Sputnik / Томас ТхайцукАпиеса "Рождество в доме Купьелло" асиужет - аҭаацәараҿы иуԥыло ауп, ахатә трагедиеи аиумори амоуп.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
1/12
Апиеса "Рождество в доме Купьелло" асиужет - аҭаацәараҿы иуԥыло ауп, ахатә трагедиеи аиумори амоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхаҿсахьақәа зегьы рхатәы ԥсихологиатә цәаҩа рхоуп.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
2/12
Ахаҿсахьақәа зегьы рхатәы ԥсихологиатә цәаҩа рхоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтипографиаҿы аус зуа Лука Купьелло (Џьамбул Жорданиа) — "ахәыҷы ду" ҳәа изуҳәартә ҟалоит, иҭаацәараҿы аҭынчра изыҟаҵом, убри аҟынтә иара аԥсаҵлазы ахәмаргақәа ҟаиҵоит.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
3/12
Атипографиаҿы аус зуа Лука Купьелло (Џьамбул Жорданиа) — "ахәыҷы ду" ҳәа изуҳәартә ҟалоит, иҭаацәараҿы аҭынчра изыҟаҵом, убри аҟынтә иара аԥсаҵлазы ахәмаргақәа ҟаиҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукКупьелло иҭаацәа ӷаруп. Аҭаацәа рхада изаҵәра убоит асценаҿы.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
4/12
Купьелло иҭаацәа ӷаруп. Аҭаацәа рхада изаҵәра убоит асценаҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Рождество в доме Купьелло" аҿы РУСДРАМ актирцәа зегьы алахәын. "Рождество в доме Купьелло" ахәаԥшцәа ирбар алшоит даҽа ҩынтә.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
5/12
Аспектакль "Рождество в доме Купьелло" аҿы РУСДРАМ актирцәа зегьы алахәын. "Рождество в доме Купьелло" ахәаԥшцәа ирбар алшоит даҽа ҩынтә.
© Sputnik / Томас ТхайцукҨ-сааҭк рыҩныҵҟа аспектакль ахьымҩаԥысуа ауада заҵә арежиссиори асахьаҭыхҩи ган рацәала аарԥшра рҽазыршәон.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
6/12
Ҩ-сааҭк рыҩныҵҟа аспектакль ахьымҩаԥысуа ауада заҵә арежиссиори асахьаҭыхҩи ган рацәала аарԥшра рҽазыршәон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль аԥсҭазаара уадаҩ змоу ауаа, аха агәыҭбаара зцәымӡыз рахь абзиабареи арыцҳашьареи аанарԥшуеит.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
7/12
Аспектакль аԥсҭазаара уадаҩ змоу ауаа, аха агәыҭбаара зцәымӡыз рахь абзиабареи арыцҳашьареи аанарԥшуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукРеиҳа иуадаҩу арольқәа иреиуоуп Донна Кунче лроль. Уи налыгӡон Анна Гиурегиан. Артистка лажәақәа рыла ароль лара лзы ауадаҩра аман, избанзар лфырԥҳәыс лгәырҩа лыцеиҩылшон. "Сара сфырԥҳәыс лгәы ҭбаауп, аҭаацәара бзиа лымоуп аха ирҭаху ишырҭаху иҟалом. Лара илҭахуп аҭаацәара еиқәлырхарц", - лҳәоит актриса.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
8/12
Реиҳа иуадаҩу арольқәа иреиуоуп Донна Кунче лроль. Уи налыгӡон Анна Гиурегиан. Артистка лажәақәа рыла ароль лара лзы ауадаҩра аман, избанзар лфырԥҳәыс лгәырҩа лыцеиҩылшон. "Сара сфырԥҳәыс лгәы ҭбаауп, аҭаацәара бзиа лымоуп аха ирҭаху ишырҭаху иҟалом. Лара илҭахуп аҭаацәара еиқәлырхарц", - лҳәоит актриса.
© Sputnik / Томас ТхайцукКупьеллоаа рҭаацәара иаарыкәыршан аԥсҭазаара ццакы-ццакуа ииасуеит: абзиеибабара, аиӷара зегь ыҟоуп, аха арыцҳара аныҟалалак еидгылоит зегьы.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
9/12
Купьеллоаа рҭаацәара иаарыкәыршан аԥсҭазаара ццакы-ццакуа ииасуеит: абзиеибабара, аиӷара зегь ыҟоуп, аха арыцҳара аныҟалалак еидгылоит зегьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукЛука иашьа Паскуалино ахәаԥшцәа бзиа дырбоит рацәак дышҵоурамгьы. Иара ахәыҷқәа реиԥш Қьырсаныҳәа аџьашьатәқәа рыгәра игоит, иҭахуп иашьеиԥа шәышықәса изеиӷьеишьарц.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
10/12
Лука иашьа Паскуалино ахәаԥшцәа бзиа дырбоит рацәак дышҵоурамгьы. Иара ахәыҷқәа реиԥш Қьырсаныҳәа аџьашьатәқәа рыгәра игоит, иҭахуп иашьеиԥа шәышықәса изеиӷьеишьарц.
© Sputnik / Томас ТхайцукНинучча ҳара даадыруеит лхаҵеи лареи еисны лабраахь даннеиуа инаркны. Лара иаалырԥшуеит ароманқәа рҟнеиԥш абзиабара зҭаху аԥҳәыс лхаҿсахьа.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
11/12
Нинучча ҳара даадыруеит лхаҵеи лареи еисны лабраахь даннеиуа инаркны. Лара иаалырԥшуеит ароманқәа рҟнеиԥш абзиабара зҭаху аԥҳәыс лхаҿсахьа.
© Sputnik / Томас ТхайцукНеннино — маҷк имбжьаху арԥысуп. Иаб иашьа Паскуалинои иареи лассы-лассы ажәа еимаркуеит. Неннино иахәҭоу ааӡара змоуз аӡә иоуп.
Рождество в доме Купьелло апреимиера аурыс драматә театр аҟны - Sputnik Аҧсны
12/12
Неннино — маҷк имбжьаху арԥысуп. Иаб иашьа Паскуалинои иареи лассы-лассы ажәа еимаркуеит. Неннино иахәҭоу ааӡара змоуз аӡә иоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0