"Ахьы Жәабран иџьашьахәы" апремиера Ҭҟәарчалтәи атеатр аҟны имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа актиор ду, арежиссиор, адраматург Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аԥсуа ҳәынҭқарратә акамедиатә театр аҟны ашәахьа, жьҭаарамза 24 аҽны, имҩаԥысран иҟоуп Антапольски иҩымҭа "Ишәҭахызар ихашәҵа, ишәҭахызар ихашәымҵын" иаҿырԥшны Роман Сабуа икәиргылоу аспектакль "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" апремиера.

АҞӘА, жьҭаара 23– Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Атәым лакәқәа рыда аԥсуа лакәқәа шҳамоу ахәаԥшцәа хәыҷқәа ирызнаҳгар  ҳҭахыуп аспектакль "Ахьы Жәабран иџьашьахә" ала, абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит арежиссиор, ақәыргылаҩ Роман Сабуа.

"Аҩымҭа ахәыҷқәа ирызкуп, лакәуп, аԥсуа фольклор иалхуп. Ҳхықәкы хадақәа ируакуп ҳаԥсуа лакәқәа ҳхәычқәа ирдырыртә, ираҳартә, агәыбылра шьҭыркаарц аҟаҵара. Ҳаԥсуа жәлар рдунеи хәаԥшышьа, рфилософиа, рынцәахаҵашьа шыҟаз дырдырра. Аԥсуа фольклор аҟны иҟоуп Жәабрани Џьабрани ҳәа аешьцәа. Жәабран ҳәа иҟаз аҩнатә ԥстәқәа рынцәахәы ҳәа дыԥхьаӡоуп. "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" алакә аҿы аџьашьахәқәа рацәоуп ахәыҷқәа иргәаԥхаша, аиумор ыҟоуп. Атәым лакәқәа рыда ҳхатәы лакәқәа шҳамоу ахәыҷқәа ирызнаҳгар ҳҭахуп. Алакә ааӡагоуп, игәыҟаҵагоуп", — ҳәа иҳәеит Роман Сабуа.

Арежиссиор Роман Сабуа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Арежиссиор иажәақәа рыла, аспектакль иалахәуп Ҭҟәарчалтәи атеатр актиорцәа ҿарацәа рацәаҩны.

"Ҳҽазыҟаҳҵоишьҭеи шықәсык бжаки рааҟара ҵуеит. Еиԥҟьарақәак ҳаман, аха ус инеиԥанкыланы хымыз рыла иқәҳаргылеит. Далахәуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа. Иазгәаҭатәуп, Ҭҟәарчалтәи актиорцәа аҿарацәа рацәаҩны ишалахәу. Аҿар уамак аԥышәа рымамзаргьы ргәацԥыҳәаны аус руан, саргьы бзиа ибаны, гәыкала аус рыцызуан", — ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.

Аспектакль "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" адекарациақәа азирхиеит аԥсуа адраматә театр асахьаҭыхыҩ, адекоратор Витали Кацәба.

"Ахьы Жәабран иџьашьахәы" апремиера мҩаԥгахоит жьҭаарамза 24 аҽны Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аԥсуа ҳәынҭқарратә акамедиатә театр аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0