Аспектакль "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" иқәиргылеит арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа, адекорациақәа азирхиеит аԥсуа драматә театр асахьаҭыхыҩ, адекоратор Витали Кацәба.
Роман Сабуа иажәақәа рыла, аспектакль ахықәкы хадақәа аԥсуа жәлар рдунеи хәаԥшышьа, рфилософиа, рынцәахаҵашьа шыҟаз ахәыҷқәа дырдырра ауп.
"Иқәыргылоу алакә хықәкыс иамаз нагӡахеит ҳәа сгәы иаанагоит, избан акәзар иара ахәыҷқәа ирызкын, азалгьы дара рыла иҭәын. Алакә, аԥсуа фальклор шьаҭас измоу ахәыҷқәа ирзаанарԥшырц сҭахын шаҟа ибеиоу ҳара ҳфальклор, ҳбызшәа. Исҭахын ишыхәаҷу инаркны атеатр ахь абзиабара шьҭырхырц. Иазҿлымҳазарц аԥсуа лакәқәа", — ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.
© Sputnik / Илона ХварцкияАԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа иқәиргылаз алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" апремиера иаҭааит Ҭҟәарчал ақалақь абжьаратә школқәа рҵаҩцәа

1/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа иқәиргылаз алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахәы" апремиера иаҭааит Ҭҟәарчал ақалақь абжьаратә школқәа рҵаҩцәа
© Sputnik / Илона ХварцкияФаҭ Жәабранба ироль наигӡон аҿар ртеатр актиор Ахра Кәарҷиа

2/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Фаҭ Жәабранба ироль наигӡон аҿар ртеатр актиор Ахра Кәарҷиа
© Sputnik / Илона ХварцкияАлександр Антоколски иҩымҭа "Ишәҭахызаргьы - ихашәҵа, ишәҭахымзаргьы - ихашәымҵын" иаҿырԥшны икәыргылаз аспектакль алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахә"

3/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Александр Антоколски иҩымҭа "Ишәҭахызаргьы - ихашәҵа, ишәҭахымзаргьы - ихашәымҵын" иаҿырԥшны икәыргылаз аспектакль алакә "Ахьы Жәабран иџьашьахә"
© Sputnik / Илона ХварцкияАхьы Жәабран ибнаҿы амци аҵабарги реиҿагыларақәа рацәан: Тәыҩакьацәи, Цәгьамыцәгьеи, Ҵыхәакьаҿи Ахьы Жәабран иҟазаара харҵомызт

4/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Ахьы Жәабран ибнаҿы амци аҵабарги реиҿагыларақәа рацәан: Тәыҩакьацәи, Цәгьамыцәгьеи, Ҵыхәакьаҿи Ахьы Жәабран иҟазаара харҵомызт
© Sputnik / Илона ХварцкияАхьы Жәабран ироль наигӡон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа

5/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Ахьы Жәабран ироль наигӡон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа
© Sputnik / Илона ХварцкияЦәгьамыцәгьа адгьыл аҵаҟахь илгоит Гәында Разынааԥҳаи, Фаҭ Жәабранбеи. Асиужет излаҳәо ала дара Ахьы Жәабран аџьашьахәы аҟаҵара шилшо харҵон

6/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Цәгьамыцәгьа адгьыл аҵаҟахь илгоит Гәында Разынааԥҳаи, Фаҭ Жәабранбеи. Асиужет излаҳәо ала дара Ахьы Жәабран аџьашьахәы аҟаҵара шилшо харҵон
© Sputnik / Илона ХварцкияАспектакль иалахәын Ҭҟәарчалтәи атеатр актиорцәа аҿарацәа

7/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Аспектакль иалахәын Ҭҟәарчалтәи атеатр актиорцәа аҿарацәа
© Sputnik / Илона ХварцкияАцәгьа зыршоз Ҵыхәакьаҿи Аршәаа - Шәышәынеи ррольқәа нарыгӡон Нурии Есмеи Џьынџьалаа

8/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Ацәгьа зыршоз Ҵыхәакьаҿи Аршәаа - Шәышәынеи ррольқәа нарыгӡон Нурии Есмеи Џьынџьалаа
© Sputnik / Илона ХварцкияТәыҩакьацә лроль налыгӡон Манана Гындиаԥҳа

9/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Тәыҩакьацә лроль налыгӡон Манана Гындиаԥҳа
© Sputnik / Илона ХварцкияАмци, ахәахәареи дыриааины Ахьы Жәабран аџьашьыхәқәа рыҟаҵара далагоит. Ацәгьоуцәагьы ҭаирхоит

10/10
© Sputnik / Илона Хварцкия
Амци, ахәахәареи дыриааины Ахьы Жәабран аџьашьыхәқәа рыҟаҵара далагоит. Ацәгьоуцәагьы ҭаирхоит