Ҳаџьымба: амҩатә ԥҟаррақәа еилазго зегь ахьырхәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит ареспублика амчратә структурақәеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны.

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит ареспублика амчратә структурақәеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны. Ачиновникцәеи урҭ рыхшареи амҩатә ԥҟаррақәа еилазго, хымԥада ирыхәҭо иақәыршәалатәуп, иҳәеит Аԥсны Ахада. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атәылаҟны аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Иазгәеиҭеит уи аҭагылазаашьа аԥсахра шхымԥадатәиу.

"Иахәҭоу аусқәа ҟаҵалатәуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа роума, ачиновникцәа роума инарыгӡо амаҵзура иахьмырԥшыкәа дара мамзаргьы рыхшара амҩатә ԥҟаррақәа еиларгар рыхәҭа иақәыршәахоит. Аҭаацәа рмаҵзура иамххоит", — иҳәеит иара.

Ахада Иусбарҭа иазнархиеит амҩатә ԥҟаррақәа реилагаразы ахьырхәра зырӷәӷәо азакәан апроект ҳәа аанцҳауеит аофициалтә саит.

Атәыла Ахада иҳәеит аԥҟаррақәа еилазго зегьы рыхьӡ-рыжәла АИХ (СМИ) ала ишрылаҳәахо. Иара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапы ианиҵеит аҳәынҭқарратә автономерқәа аревизиа рызузарц.

Иара убасгьы Абыргцәа Рхеилак рахь аҳәара ҟаиҵеит зегьы идеилиркаарц абарҭ азҵаарақәа рганахьала аиуара, аиҩызара аҭыԥ шамам.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа иаҿагыларц шрыхәҭоу ауаажәларратә еилазаара зегьы. "Зегьы ҳажәҩахыр еибыҭаны аҿагылара ҟаҳҵар апроблема ӡбахоит", — иҳәеит иара.

Арҭ аусқәа зегьы рҳәаақәҵара инапы ианҵоуп Апарламент аиҳабы Валери Бганба.

Ҳаџьымба иҳәеит: "Есымза ачиновникцәа реилагарақәа. Ҳара ҳхала ҳаламгар, аҽаӡәы акгьы узидҵом", ҳәа.

Аслан Кобахьиа адырра ҟаиҵеит фҩык ауаа амҩатә машәыр ала иҭахеит ҳәа ииасыз амчыбжь азы. 2015 шықәса рзы иҭахеит 66-ҩык, 2016 шықәса рзы 64-ҩык рҟынӡа инеихьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0