АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа аӡы аанкыларақәа ҟалоит абҵарамза нҵәаанӡа иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз АУН "Водоканал" аиҳабы Ҭенгьиз Кәыҵниа. Иара иажәақәа рыла Лакоба имҩаҟны ицо аусурақәа ирыхҟьаны аӡы мчыбжьык ахь хынтә иаанкылахоит. Иара ишиҳәаз ала аӡы аанымкылакәа аусурақәа рымҩаԥгара залшом.
"Ақалақь Ахадара ақәыршаҳаҭны аӡы аанаҳкылоит", — иҳәеит Кәыҵниа.
Иара иажәақәа рыла аколлектор арыцқьаразы аусурақәа аҵыхәтәантәи 15 шықәса аӡәгьы имҩаԥимгацызт.
"Аҵыхәтәантәи арыцқьара амҩаԥгараан Краснодарынтәи аусуцәа ааԥхьан, избанзар усҟан "Водоканал" иахәҭаз атехника амамызт. Иахьазы иахәҭоу атехника ҷыдала ҳаиқәшәоуп", — иҳәеит иара.
Кәыҵниа ишазгәеиҭаз ала Ажәытә ҳаблеи ақалақь амҩадуқәаки рҟны аӡоужьра аанкылоуп. Аӡы шроуц ироуеит Алашарбагеи, Турбазеи Араион ҿыци рҟны.