АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иарбанызаалак ажәлар рхатәы мҩа алхра азин рымоуп, иаарыкәыршан иҟоу адунеигьы уи азхарымҵар алшом, иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Приднестровиатәи аделегациа анидикылоз.
"Иахьа анапы рыҵаҩын ҳаиқәшаҳаҭра хада хазырҭәаауа адокументқәа. Сгәыӷуеит урҭ наҟ-ааҟгьы ҳаизыҟазаашьа еиҳагьы идырҿиап ҳәа. Приднестровиа иҟоу аҭагылазаашьа бзианы идыруа агәра згоит уи абзиарахь икылсуеит ҳәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсни Приднестровиеи реизыҟазаашьа адинамикатә ҟазшьа рыманы ишыҿио.
Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара астратегиатә еизыҟазаашьа апрактикатә харҭәаара шаиуа.
"Шәара ииашаны иазгәашәҭеит Приднестровие аҭагылазаашьа шыуадаҩу. Зеиԥш ҟалашьа амам хҭысуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит Олег Аршба Кишинев аҳаиртә баӷәазаҟны ихҭыс. Асеиԥш иҟоу афактқәа иаадырԥшуеит Молдова аполитикатә культура алаҟәра", — иҳәеит иара.
Аганқәа аҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәеит реизыҟазаашьақәа рырҿиара шхымԥадатәиу.