Ижәны аԥсҟы зку рмашьынақәа рымхразы азакәан архиара иаҿуп

© Sputnik / Александр Пирагис / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИжәны аԥсҟы зку рмашьынақәа рымхразы азакәан архиара иаҿуп
Ижәны аԥсҟы зку рмашьынақәа рымхразы азакәан архиара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиеи ареспубликатә Автоинспекциа аиҳабы Наур Смыри абрифинг мҩаԥыргеит.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла Ахада инапынҵала арыжәтә ыжәни анаркотикатә маҭәашьар злаҵани амашьына аԥсҟы зку рмашьынақәа рымхразы иҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа иареи ареспубликатә Автоинспекциа аиҳабы Наур Смыри еицымҩаԥыргаз абрифинг аҟны.

"Ҳара иҳамам аконфискациазы азакәан, аха уи азы азакәан апроект азырхиара иаҿуп. Атәыла Ахада инапынҵала арыжәтә ыжәни анаркотикатә маҭәашьар злаҵани амашьына аԥсҟы зку рмашьынақәа рымхразы ауснагӡатәқәа нап рылакуп", — иҳәеит Кобахьиа.

Кобахьиа иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспублика автоинспекциа ирӷәӷәоу арежим ахь ишиасыз.

"Мышқәак раԥхьа автоинспекциа ииаагеит еиҳа ирӷәӷәоу арежим ахь. Ижәбозар акәхап иҟоу аҭагылазаашьа. Ҳара азакәан еилазго ииҭаху илҳаршараны ҳаҟам", — иҳәеит иара.

ААР аминистр Аслан Кобахьиеи ареспубликатә Автоинспекциа аиҳабы Наур Смыри абрифинг мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ашьҭахь иҭахаз рхыԥхьаӡара Гәымсҭатәи афронт аҟны иҭахаз иреиҳауп

Аԥсны автоинспекциа аиҳабы Наур Смыр иҳәеит автоинспекциа аусзуҩцәеи атәыла амашьынарныҟәцаҩцәеи аинырра роуа иалагеит ҳәа. Иара убри аан иазгәеиҭеит акадырқәеи атехникатә хархәагақәеи шазымхо. "Арҭ апроблемақәа зегьы ҳара аҭакԥхықәра ҳхырхуам, аха шәара ижәдыруандаз ҳусзуҩцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаарашәа ианыцәахьоу", — иҳәеит Смыр.

Наур Смыр иҳәеит апроект "Ишәарҭадоу ақалақь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Игры-Ԥсоу амҩадуаҟны авидербагақәа шықәыргылахо, иара убас ақалақьқәа зегьы рҟны.

Апроект аԥара азоурыжьуеит урыстәылатәи аинвесторцәа, иагьхыркәшахоит 2019 шықәса рзы.

Апроект хылаԥшра азҭараны иҟоу Баҭал Агрба иҳәеит ари ауснагӡатә амҩақәа рҟны ахылаԥшра еиҳа хра аманы ишыҟанаҵо.

"Иахьазы акамерақәа кнаҳауп амҩаду аҭыԥқәак рҟны, ақалақьқәа Аҟәеи гагреи рҟны", — иҳәеит Баҭал Агрба.

Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо Аслан Кобахьиа иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа раан иҟалаз амашәырқәа зыхҟьаз шаанкыло, аусӡбра ишазыԥшу.

Аминистр иазгәеиҭеит астатистикатә дыррақәа рыла 1994 —2016 шықәсқәа рзы ареспубликаҟны аҭыԥ рыман 3313 авариа. Иҭахеит 1336-ҩык, ахәрақәа роуит 5221-ҩык. Аиҳарак амашәырқәа зыхҟьаз амашьына аԥсҟы зку арыжәтә ыжәны мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар рылаҵаны иахьыҟоу ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0