Аибашьра аветеран Арон Ӡаԥшьба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАрон Ӡаԥшьба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы
Арон Ӡаԥшьба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Арон Ӡаԥшьба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

ГАГРА, жьҭаара 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Гагра араион иалҵыз Арон Ӡаԥшьба ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа, аибашьҩы ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Арон Ӡаԥшьба аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаҭәашьан официалла, Гагра араион Ахадараҟны.

Аибашьҩы ихҵаз ахьӡ ҳаракы идырныҳәаларц арахь иааит иҭаацәеи ицеибашьуаз иҩызцәеи.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, аветеран аҳамҭа инапаҿы иҭо, иҭабуп ҳәа иаиҳәеит, аибашьра адәаҟны иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы.

"Арон Ӡаԥшьба аибашьра ҟалаанӡагьы, иԥсадгьыл ахь имоу абзиабара ааирԥшхьан. Атәыла ашәарҭара ианҭагылагьы, иаразнак уи аиқәырхаразы абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкхеит. Иара иеиԥш иҟоу апатриотцәа ҿырԥшыгоуп еиҵагыло аҿар рзы", — инаҵишьит Заур Бганба.

Арон Ӡаԥшьба деибашьуан ахырхарҭақәа зегь рҟны. Дрылахәын Гагра араион аҭарцәреи хәажәкыратәи аоперациеи.

Аиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан - Sputnik Аҧсны
Аиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан

Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараҟны дҭахеит Арон иашьа Мирон Ӡаԥшьба. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра рыԥсы ахҭнырҵеит Арон иаб иашьа Анатоилии уи иԥа Раулии.

Аишьцәа Ӡаԥшьаа реибашьратә мҩа изныкымкәа иалацәажәахьеит амассатә информациатә хархәагақәа рҟны. Дара рыӡбахә Аԥсны измаҳац дыҟам.

Арон Ӡаԥшьба, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵаразы ихьӡ рҳәахьан аибашьра нҵәаанӡа, аха иара аҳамҭазы акәӡамызт дзеибашьуаз. Арон иашьцәеи иҩызцәеи рылымкаа уи аӡбахә иаҳар ҟаломызт.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 23 шықәса ҵит. Аха аҳамҭа ду, аибашьра аветеран ишьҭа ианыланы иаауан.

Зыжәлари зыԥсадгьыли рзы зхы зыԥсы иамеигӡоз Арон Ӡаԥшьба иразҟхеит уи инапаҿы аиура.

Аибашьҩы иҿаԥхьа адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи ҟарҵеит ари амш ицеиҩызшарц араион Ахадарахьы имҩахыҵаз зегьы.

Аибашьҩы ихәҭакахьалагьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсадгьыл аиқәырхаҩцәа рыхьӡ ахьырхамшҭуа.

"Аԥсны иабаз агәаҟрақәа азхазааит. Абри нахыс ҳҳәынҭқарра аиҳабыра, аԥсҭазаара лаша иазынархоу аҳамҭақәа ршаратәы иҟалааит", — иҳәеит Аԥсны Афырхаҵа Арон Ӡаԥшьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0