Аиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан
Аиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амш аҽны, агәыԥ "Бзыԥ" алахәцәа гәыԥҩык аҳәынҭқарратә ҳамҭала иалкаан.

ГАГРА, цәыббрамза 30 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Цәыббрамза 30, Аиааира амш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа 10-ҩык иранашьан аибашьратә ҳамҭақәа. 78-ҩык Бзыԥҭа аҳабла иалҵыз аҵеицәа Аԥсны рхы ақәырҵеит.

Гаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Гаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра

Ари амш аҽны еизаз зегьы, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Бзыԥаа рҵеицәа ргәалашәара ахьӡала ишьақәыргылоу амемориалтә баҟа амҵан. Ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа иалахәын иҭахаз рҭаацәа, аибашьра аветеранцәа, Гагра араион Ахадара, Бӡыԥҭа аҳабла анапхгара, ашколхәыҷқәа.

Ацеремониа ашьҭахь Леон иорден занашьоу Даур Кокосқьериеи "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Ныгәзар Ҳагәышьи ишьҭырхит аҳәынҭқарратә бираҟ.

Анаҩс, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба еизаз зегьы дрыдныҳәалеит.

"Гәык ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира амш. Еснагь шәыԥсҭазаара лашазааит. Бзыԥаа реибашьцәа, Аԥсны ашәарҭара ианҭагылаз, зҩызцәеи зашьцәеи ирывагыланы, хамеигӡарала зыԥсадгьыл еиқәзырхаз шәоуп. Афырхацәа шәыбзоурала иахьа еиҵагылаз абиԥара ирымоуп аҭынч ԥсҭазаара. Иҭабуп, аамҭа хьанҭақәа раан шәтәыла иалажәгалаз аџьабаазы", — иҳәеит иара.

Ашәҭшьҭаҵара ашьҭахь, агәыԥ "Бзыԥ" алахәцәа 10-ҩык иранашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан
Аиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан - Sputnik Аҧсны
Аиааирамш аҽны Бзыԥаа рҵеицәа ҳамҭала иалкаан

Ус Леон иорден раҭәашьан Аслан Мықәба, Вахтанг Џьынџьал, Ханусе Аиба. "Агәымшәаразы" амедалқәа рыҭан Валери Ҳагәышь, Артур Ҳагәышь, Гәырам Мула-Хасан-Оглы, Тахьыр Канџьариа, Александр Гриценко. Владимир Џьергьениеи Александр Ԥсардиеи "Агәымшәаразы" амедалқәа раҭәашьан ианҭаха ашьҭахь, урҭ рыдыркылеит рҭаацәа.

"Иҭабуп абри аныҳәа ссир аҽны ҳамҭала ҳалзкааз. Аԥсуа жәлар ирхыргаз агәаҟрақәа рацәоуп. Иахьа аԥсҭазаара лаша амҩа ҳануп, уи ҳацәхьамҵартә еиԥш алшара ҳазшаз иҳаиҭааит", — рҳәеит аҳамҭақәа здызкылаз аибашьцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0