Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ҿыц аусура иалагоит

© Sputnik / Сергей Кузнецов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ирыдигалеит аратификациазы ахақәиҭра рымхзаарц зшьаус ӡбоу ршьауӷа рхыгаразы рыҭараз аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, абҵара 3 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ирыдигалеит аратификациазы ахақәиҭра рымхзаарц зшьаус ӡбоу ршьауӷа рхыгаразы рыҭараз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра.

Аилыркаага цҵа инақәыршәаны аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп Санкт-Петербург, лаҵарамза 28 2015 шықәса рзы, аурыс-аԥсуа усеицура жәларбжьаратә-зинтә ҵаҵӷәы иамоу арҿиаразы. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аганқәа хыдҵаны иргоит аиқәшаҳаҭраҿ иарбоу азгәаҭақәа инарықәыршәаны ахақәиҭра иалыхәдоу ахаҿқәа ршьауӷа рыхгаразы дара зтәылауаҩу аҳәынҭқаррақәа рыҭара.

Ашьауӷа назыгӡо аҳәынҭқарра еиқәнаршәоит ашьауӷа зқәу ахаҿы иара азакәанԥҵара инақәыршәаны уи ихыгара. Аиқәшаҳаҭра иҳәаақәнаҵоит ахара зыдҵоу рыҭара аҭагылазаашьа, аҭаразы азыҳәа аҵаки аформеи, азыҳәақәа рынагӡашьа.

"Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 3 инақәыршәаны аҭара мап ацәкхар ҟалоит, уи аганқәа иарбанызаалак асуверинитет, ашәарҭадара, ауаажәларратә еиҿкаара аԥырхага анаҭозар" ҳәа арбоуп аматериалқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0