ГАГРА, абҵарамза 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Жьҭаара 28 инаркны абҵара 6-нӡа, Гагра ақалақь имҩаԥыслоит жәларбжьаратәи аҟазаратә конкурс "Ҭагалан Аԥсны 2016".
"Аҟазара ҳәаа амамзароуп, уи знапы алакыу рҽеидыркылароуп", — абри адевиз ала уи еиҿыркааит Москватәи ихьыԥшыму аҿиареи аҵарадырреи русхкбжьаратә центри асертификациеи аквалификациеи.
Апленертә усумҭақәа рконкурс иалахәуп Москватәи аобласт асахьаҭыхратә школқәеи аҟазаратә школқәеи рааӡамҭацәа, иара убас Гагратәи аҟазаратә школ аҵаҩцәагьы.
"Ари аконкурс Аԥсны уажәшьҭа ҩынтәны имҩаԥаагоит. Избанзар, аратәи аԥсабара апленертә усумҭақәа раԥҵаразы даара иманшәалоуп", — лҳәеит Дмитров ақалақь асахьаҭыхратә школ арҵаҩы Елена Резникова.
Апленер – ари аҿыханҵатә техникоуп. Асахьаҟны аобектқәа арбоуп ԥсабарала ирышьашәалоу алашареи аҭагылазаашьалеи.
Асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа русумҭақәа аԥырҵоит ажәҩан аҵаҟа.
Апроект алахәцәа ирзеиҿкаан Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа. Асахьаҭыхыҩцәа ақьаад ахь ииаргон уаҟа ргәы иақәшәоз зегьы.
Ахәыҷқәа русумҭақәа рҟны иаадырԥшуеит аԥсабареи акультуратә аобиектқәеи.
Апроект асахьаркыратә напхгаҩы Александр Пасько иажәақәа рыла, дара ахәыҷқәа ирзымҩаԥыргоит аҟазаратә классқәа.
"Аԥышәа ду змоу асахьаҭыхыҩцәа ахәыҷқәа аус рыдырулоит, идеилдыркаауеит иҿыцу атехникақәа", — ҳәа азгәеиҭеит асахьаҭыхыҩ.
Апленертә усумҭақәа рзы жәларбжьаратәи аконкурсқәа лассы-лассы Москватәи аобласт аҟны имҩаԥысуеит. Сынтәа уи рхы аладырхәит Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәагьы. Гәыԥҩыкгьы ирыԥсахеит аԥхьахәтә ҭыԥқәа.
Апленертә конкурс алахәцәа зегьы, сынтәа иаангылеит аԥсшьарҭа ҩны "Гагрыԥшь" аҟны. Уи аҵакырадгьыл аҿы ахәыҷқәа иаԥырҵоит имаҷымкәа аусумҭақәа.
Асасцәа аԥсшьарҭа ҩны "Гагрыԥшь" аиҳабы Галуст Трапизониан иҭабуп ҳәа иарҳәоит рганахь иааирԥшуа агәцаракразы.