Саид Сангәлиа: ахатәы бџьар хымԥада иҭаҩзароуп

© Sputnik / Илона Хварцкияазиндырыҩ Саид Сангәлиа
азиндырыҩ Саид Сангәлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутат ицхырааҩ, азиндырыҩ Саид Сангәлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Абџьар азы" азакәан апроект атәы.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ауааԥсыра рыҩнқәа рҟны иҵәахны ирымоу абџьар хымԥада ашәҟәы иҭагалатәуп иҳәеит Апарламент адепутат ицхырааҩ, азиндырыҩ Саид Сангәлиа Sputnik акорреспондент диҿцәажәо.

"Уи аҭахуп ҳара иаадыруазаарц заҟа ыҟоу, иарбан хкқәоу ауаа ирымоу абџьарс", — иҳәеит иара.

Сангәлиа иажәақәа рыла "Абџьар азы" азакәан апроект азырхоуп абџьар аахәареи аҵәахреи рформа аҭышәныртәалара.

"Аԥхьа ҳара иҳагәҭакын "Абџьар азы" азакәан "Арезервистцәа рзы" азакәан иадаҳҳәаларц. Уи инақәыршәаны, Аԥсны атәылауаҩ, 21 шықәса зхыҵны аррамаҵзура иахысыз азин иоуан абџьар аахәареи амазаареи рзы", — иҳәеит Сангәлиа.

Азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭон анормақәа, абџьар амазаара алзмыршоз.

"Иаҳҳәап, ауаҩы аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҟны аучот дықәгылазар, уи азин имаӡам абџьар ааихәарц", ҳәа азгәеиҭеит азиндырыҩ.

Макьаназы иҟоуп аус зыдулатәу, еиҭактәу апроект аҿы.

"Иаҳҳәап, азакәан апроект аҿы иҟаӡам апункт, ауаҩы уаанӡа ацәгьара иухьазар, абџьар ааихәар, имазар ҟалом ҳәа зҳәо", — иҳәеит Сангәлиа.

Иара убасгьы Сангәлиа игәаанагарала азакәан апроект аҟны иарбазароуп арезервистцәа абџьар аҩны аҵәахра азин рымоуп ҳәа.

Уи адагьы азакәан апроект инақәыршәаны абџьар асеиф ҷыдақәа рҟны иҵәахызароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0