Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
- Ишԥеиҿкаау ишԥаҳәаақәҵоу аҵарадырратә центр "Академиа" аусура?
— Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рҟны зегь реиҳа ихадароу зҵаараны иқәгылоуп аԥсуа бызшәа азҵаара. Аԥсуа бызшәа иацу ауадаҩрақәа ҳрылацәажәозар, апрактикаҿы иҟауҵаша даара ирацәоуп.Хымԥада, ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа уҳәа, аԥсуа бызшәа иадҳәалоу азҵаарақәа, ҷыдала уи ззымдыруа дырҵаразы имҩаԥырго аусқәа маҷым. Ҳара ҳгәаанагарала, зегь раԥхьаӡа аусура ахьаҭаху апрактикаҿы ауп. Убри аҟынтә, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала Аҟәа ақалақь еиҿкааны иҳамоуп аҵарадырратә центр "Академиа". Уаҟа ирҵоит еиуеиԥшым абызшәақәа. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, абарҭ амшқәа инадыркны, аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵаразы хәыда-ԥсада акурсқәа шеиҿкаахо, ишадыԥхьалахо зыҩаӡара ҳараку арҵаҩцәа.
- Ишԥамҩаԥпысуеи агәыԥқәа реиҿкаара, насгьы абызшәа зҵарц зҭаху радыԥхьалара шԥазгәашәҭо?
— Раԥхьа аусура хацыркхоит ҩгәыԥк рыла. Анаҩс, иаҳбарҭахоит аус шҳәаақәҵатәхо. Ҳара ҳаиқәшәоуп ашәҟәкәа рыла, аметодикатә цхыраагӡақәа рыла, арҵаҩцәа рыла, акурсқәа иахьырхысуа ауадақәа рыла. Иҟоуп аԥсшәа маҷны издыруа, зынӡа иззымдыруагьы. Урҭ зегьы гәыԥ-гәыԥла еихшахоит, адырҵара иаҳа иманшәалахартә еиԥш еиҿаҳкаауеит, аԥхьаҟа агәыԥқәа рхыԥхьаӡара иацларгьы, иахәҭоу аҭагылазаашьа аԥаҳҵоит. Аҵара апроцесс иаҭаху ахарџьқәа зегьы "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахахьы иагоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳауаажәлар, ҳхәыҷқәа аҷҷаҳәа рхатәы бызшәала ицәажәаларц. Амилаҭ зхаҭәаахом рхатәы бызшәа анхьысҳаха. Ҳара аҭоурых иаҳнарбахьеит, адунеи атәым тәылақәа рҿы инхо ҳауаажәлар рыхәҭа дук изланхо атәым жәлар ишрылаӡҩаз, рбызшәа шырцәыӡыз. Ҳаԥсадгьыл аҿы саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо аԥсышәала дцәажәалароуп. Уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам. Абызшәа ззымдыруа, изҵарц агәаҳәара зҭаху, хымԥада иҵоит. Уи уадаҩра ацӡам. Сара хаҭала сахысхьеит уи аԥышәа. Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа санаа, сбызшәала сзымцәажәозтгьы, иахьа Анцәа иџьшьаны, схатәы бызшәа сҳәоит, исзыманшәаланы салацәажәоит. Уи сара сзы инасыԥуп.
- Агәыԥқәа шаҟаҩ еиднакылода?
— Аԥсуа бызшәа хәыда-ԥсада арҵара иазку акурсқәа шааҳартуала, алаҳәара ҟаҳамҵаӡац макьана. Ус изаҳақәаз рыла ҩ-гәыԥк хаҭәаахьеит. Гәыԥцыԥхьаӡа ааҩык-ааҩык ыҟоуп, иааидкыланы иахьазы 16-ҩык рҟынӡа инаӡоит рхыԥхьаӡара. Аԥышәа иаҳнарбап, хымԥада, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи русеицзура алҵшәа, иарбан методикатә цхыраагӡақәоу ахархәара ззутәу, анаҩс урҭ аҭахрақәа ҳаҽрықәыршәаны аҵара процесс иацаҳҵоит, иҳарманшәалоит. Ҳәарада, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ари аус ахала аӡбара амч ақәхаӡом. Шықәсык, ҩышықәса рнаҩс алҵшәа анаҳбалак, ҳауаажәлар агәаҳәара ду аадырԥшыр, уажәшьҭан аҳәынҭқаррагьы ацхыраарала, Аԥсны раионцыԥхьаӡа аиԥш зеиԥшу акурсқәа раартра алҳаршоит.
Иахьа, ҳара ҳҳәынҭқарраҿы аԥсуа бызшәа арҵаразы курсқәак ааҳмыртыр, ҳауаажәлар уи азы алшара раҳамҭар, ԥсыхәас иамоузеи?.. Зегь раԥхьа иргыланы ҳара ҳҳәынҭқарраҿы еиҿахқаароуп. Убри хықәкыс иҟаҵаны, ашәахьа инаркны ари аус ԥшьа ахацыркра нап аҳаркуеит. Агәыӷра ҳамоуп аԥхьаҟагьы аҿиара аиуп ҳәа.
- Арҵаратә центр "Академиа" аҟны, аԥсуа бызшәа инаҷыданы егьырҭ абызшәақагьы ирхысуеит, уи азы ахә ршәоит аҵара зҵарц зҭаху. Иарбан бызшәақәоу?
— Англыз, аҭырқәшәа, араб, аиспан бызшәақәа рыла аҵара рҵоит ҳауаажәлар. Шықәсык аҩныҵҟала, "Академиа" аусура иалагеижьҭеи, 150-ҩык инарзынаԥшуа ауаа еиднакылеит. Абызшәа дырҵара мариаӡам, ҳәарада. Уи ҳаамҭазтәи атехнологиа ахархәара амазароуп. Аиаша шәасҳәап, абызшәақәа рҵара иаарц зҭаху еиҳагьы ирацәоуп, аха аҭыԥ ҳамаӡам, аԥхьаҟа уи азҵаара аӡбара алҳаршоит. Убарҭ абызшәақәа рыҩныҵҟала, аԥсуа бызшәа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, изҵарц зҭаху хәыда-ԥсада алшара имоуп. Иааиуа ашықәсқәа рзы, егьырҭ амаҭәарқәа: аматематика, афизика, ахимиа уҳәа рхыԥхьаӡара иацаҳҵоит.
- Иҭабуп Сонер ҳаиҿцәажәаразы. Шәусқәа рҿы аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит!