Агрпҳа: ажәладыргақәа зныԥшуа аԥсарқәа ҭрыжьраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа
Аԥсны Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит ажәлақәа рдамыӷақәа зныԥшуа аԥсарқәа рескизқәа рзы аконкурс мҩаԥысраны ишыҟоу. Абри аидеиа ацәырҵшьа атәы Лиана Агрԥҳа изеиҭалҳәеит ҳкорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.

– Лиана, ишәҳәа ажәлақәа рдамыӷақәа зныԥшуа аԥсарқәа рҭыжьра аидеиа шцәырҵыз атәы.

– Амилаҭтә банк иҭнаҵаауеит агәаларшәагатә монетақәа рҭыжьра аҭоурых. Уи аинтерес зҵоу акоуп. 2017 шықәсазы гәҭакны иҳамоуп ажәла адырга – адамыӷақәа зну аԥсар аҭыжьра.

– Амилаҭ банк аконкурс рыланаҳәеит. Уи ԥҟаррақәаны иамоузеи?

Амилаҭтә банк акредиттә еилаӡарақәа реиҿкааразы аҟәша аиҳабы Георги Абыхәба - Sputnik Аҧсны
Георги Абыхәба: Аԥсны атәылауаа акредитқәа ргоит

– Ҳара аконкурс рылаҳҳәеит аескиз аԥҵаразы. Изҭаху ихы алаирхәыр ҟалоит. Аконкурс аԥҟарра инақәыршәаны адамыӷеи иара зтәу ажәлеи анызароуп аԥсар аҟны. Аконкурс ахь ааԥхьара рыҭахоит ажәла абыргцәа. Урҭ ахәаԥшуеит досу рыжәла иатәу аескиз, уи ашьҭахь имҩаԥысуеит абжьыҭира.

– Аескизқәа рыдкылара шԥамҩаԥысуеи?

– Аусумҭақәа жәабран 1 2017 шықәса рҟынӡа иҳадаҳкылоит. Амилаҭ банк аофициалтә саит аҿы иарбоуп акоординатқәа. Урҭ инарықәыршәаны изҭаху иескизқәа неишьҭуеит. Зескизқәа ҳадаҳкылаз авторцәа аԥаратә ҳамҭақәа раҳҭоит, 50 нызқь мааҭ.

– Ԥхьаҟагьы ари аус иацҵахома?

– Абри азҵааразы ирацәаҩуп иҳадҵаало ажәлақәа рхаҭарнакцәа. Иҟалоит 2018 шықәса рзгьы иацаҳҵар.

– Иарбан металлу излыххо аԥсарқәа?

– Араӡын, ҭыԥ-ҭыԥла ихьӡыркхоит. Амилаҭ банк иҭнажьуа аԥсарқәа зегьы ахьыҟарҵо Санкт-Петербург ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0