Аҳәаанырцә аҵаразы мамзаргьы аусуразы иҟоу дарбанызаалак итәыла дахаҭарнакуп. Мадина Сулааԥҳа лгәаанагарала ари афактор аҵакы аманы иҟоуп. Уи адагьы аҳәаанырцә аҵараҵара, уа аҟазаара иунаҭоит алшара еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ахԥышәаразы. Мадина Сулааԥҳа иара убасгьы далацәажәеит Аԥсни Европеи рҿар ирымоу аиԥшызаарақәеи аиԥшымзаарақәеи, иарбан жәларбжьаратә ԥышәоу Аԥсны ихәарҭахап ҳәа илбо ртәы.
– Европа аҵара аныбҵоз аамҭа гәхьаабгома?
– Зны-зынла. ԥшьышықәса раԥхьа аҩныҟа схынҳәит. Сгәалашәарақәа акыр аԥхарра рыҵоуп. Сара даара исҭахын Аԥсны анҭыҵ аҵара сҵар. Шықәсыки бжаки Европа сыҟазаара акырӡа снаҭеит. Аҩызцәа ҽыцқәа сырҳаит.
– Избан изыбҭаххаз Европа аҵараҵара?
– Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет саналга ашьҭахь ҩышықәса сзанааҭ ала аус зуан. 2009 шықәса рзы исоуит алшара Осло аԥхынтә школ аҟны акурсқәа рхысра. Аԥхынтәи ашкол аҟны сыҟазаара еиуеиԥшым алшарақәа сзаанартит. Акурсқәа рышьҭахь исыӡбеит амагистратура сҭаланы салгарц аҳәаанырцә.
– Европа аҵара аныбҵоз ибымаӡамыз ашәара уаҟатәи бдыррақәа Аԥсны ахархәара рмоур ҳәа?
– Изӡом, исыман. Аҵара хыркәшо сара еилыскаауан схахьы изгаз аҩаӡара шҳаракыз. Сара исҭахуп Аԥсны иҟоуи Европа исоуз адыррақәеи реицырхыраара.
– Европатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз аԥснытәи астудентцәа зегь ааидкыланы ирхыбҳәаар былшои? Ирылшома урҭ Аԥсны ироуз адыррақәа рхархәара?
– Иҟоуп Аԥсныҟа ихынҳәуа. Иҟоуп уа иаанхо. Ирацәоуп сҩызцәа аҳәаанырцә ирнаҭаз аҩныҟа иааганы, ара Аԥсны ишалшоз ала зхы аазырԥшуа, зҟазара атәыла иазырхәо. Урҭ ацәымшәеит ирҭахыз азанааҭ алхра, аусура аиура. Иацәымшәеит араҟа иҿыцу акаҿы ахаарԥшра.
– Аҿар ара аусурҭаҭыԥқәа рзыԥшаараҿы европатәи аԥышәа ахархәара шԥауеи?
– Сара аҵара ахьысҵоз ауниверситет апрактика акыр иазырхан. Аҵараиурҭа анапхгара ирылшоз ҟарҵон аушьҭымҭацәа усурала еиқәыршәахарц. Ҳара ҳҟны ауниверситет иалгаз аиҳарак иара ихаҭа ихы дацхраароуп. Уаҟа аиҳарак аҵареи аусуреи еиларыгӡоит. Атеориа аасҭа аԥышәа аԥыжәара арҭоит. Амаҵзура ҳарак уоурц маҷ-маҷ уа иақәнагоу адырреи аԥышәеи еилоугӡоит. Аԥсынгьы хымԥада ахархәара аҭатәуп адунеитә ԥышәа.