00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Бараҭелиа: Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рхатә капитал 821 миллион мааҭ ыҟоуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБараҭелиа: Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рхатә капитал 821 миллион мааҭ ыҟоуп
Бараҭелиа: Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рхатә капитал 821 миллион мааҭ ыҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 15 рзы.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадри Есиава. 2016 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рхатә капитал 821 миллион мааҭ ыҟан иҳәеит афорум аҟны Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

"Иахьазы атәыла абанктә системаҿы иҟоуп акредиттә еиҿкаарақәа жәба, акоммерциатә банкқәа ааба. 2016 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рхатә капитал 821 миллион мааҭ ыҟан", — иҳәеит Бараҭелиа.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы иазгәеиҭеит 2016 шықәса инақәыршәаны акредиттә еиҿкаарақәа русура адинамика аныԥшуеит ҳәа. Абарҭ ажәамз рыла 37% ирыцлеит ҳәа. Бараҭелиа иажәақәа рыла акредиттә портфель абасеиԥш ишьақәгылоуп: миллиардки аашә миллиони мааҭ аиурист хаҿқәа ирыҭоуп кредит ҳасабны, 700 миллион мааҭ анаплакыҩцәа ирыҭоуп, миллиардк инацны ахатәхаҿқәа ирзоужьуп.

Афорум иалахәын 400-ҩык рҟынӡа ауаа - Sputnik Аҧсны
Афорум иалахәын 400-ҩык рҟынӡа ауаа

Бараҭелиа ишиҳәаз ала 2016 шықәса рзы Аԥсны абанкқәа рҟны аиурист хаҿқәа рыԥхьаӡарақәа рҟны рмалқәа 900 миллион мааҭ рыла еизҳаит. Маҷ-маҷ иацлоит акредит аҿҳәарагьы.

"Уаанӡа акредит ҿҳәараны ҳәа шықәсык аҟара акәзар иамаз, уажәы уи шықәсык инацны ирырҭо иалагеит", — иҳәеит иара.

Афорум еицеиҿыркааит Аԥсны Аекономика аминистрреи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа адгыларала. Афорум апрограмма рхы аладырхәит Аԥсны анапхгара, анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи органқәа рхаҭарнакцәа, абизнесуаа, иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа. Арахь иааиит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Цыбульски, Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц уҳәа ирацәаҩны.

Ажәабжьқәа зегьы
0