"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит Москва

© Sputnik / Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XVI афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысраны иҟоуп Москва, абҵара 17 рзы.

АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Румыниатәи атенор Теодор Илинкаи ихы алаирхәуеит итрадицианы ишьақәгылаз афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…". Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

"Афестиваль аартра мҩаԥысраны иҟоуп Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху академиатә театр аҟны. Уажәтәи афестиваль ахь ааԥхьара иаҳҭеит еицырдыруа Румыниатәи атенор Теодор Илинкаи", — лҳәоит Гьерзмааԥҳа.

Лара убасгьы илҳәеит ишлыцықәгыло Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, атеатр адирижиор хада Феликс Коробов напхгара зиҭо аоркестр.

Артистка лажәақәа рыла, афестиваль аҩбатәи ахәҭа мҩаԥысраны иҟоуп Швеицариа, 2017 шықәса алагамҭазы.

"Аҩбатәи аконцерт иалахәхоит Иаков Окунини иара и-триои. Ахәаԥшцәа ирбараны иҟоуп иҿыцу апрограмма Опера&Джаз. Аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп Швеицариа, Санкт-Морице ақалақь аҟны, ажьырныҳәа 4 рзы", ҳәа еиҭалҳәоит Хьыбла.

Изаамҭанытәиу XVI афестиваль еснагь еиԥш имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны. Ашәаҳәаҩ макьаназ апрограмма лырмаӡоит.

"Ахԥатәи аконцерт сиурпризк еиԥшхоит", — лҳәоит лара.

"Хибла Герзмава приглашает…" по традиции пройдет в Абхазии. Певица пока не раскрывает детали его программы.

XVI афестиваль иалоуп Гаетано Доницетти, Джузеппе Верди, Джакомо Пуччини рырҿиамҭақәа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Морице.

Ажәабжьқәа зегьы
0