АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нижни Новгородтәи анџьныр-економикатә университет азыхиоуп Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҵара-методикатә комплекс аҭара, ҳәа иҳәеит Раԥхьатәи "Аԥснытәи аҵаратә салон" апленартә еилатәараҟны Урыстәылатәи аҵараиурҭа аректор Анатоли Шаман.
Шаман иазгәеиҭеит аҵара-методикатә комплекс ишалнаршо астудентцәа хра аманы аҵара дырҵара. Аректор инаҵшьны иҳәеит урыстәылатәии аԥснытәии аҵараиурҭақәа акыршықәса лҵшәа бзиала аусеицура шымҩаԥырго.
Нижни Новгород аҵара рҵоит Аԥснынтәи астудентцәа.
"Гәахәарыла исҳәар сылшоит иахьа Аԥсны Апарламент алахәыла Гурам Барганџьиа ҳауниверситет дшоушьҭымҭоу", — иҳәеит Шаман.
Шаман иҳәеит дышгәыӷуа аҵараиурҭақәа рыбжьара ԥхьаҟагьы аинырра иацҵахап ҳәа.
Абҵара 18 рзы аусура иалагараны иҟоуп Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи, ИАР атәылақәеи рҵаратә еиҿкаарақәа рцәыргақәҵа.