Ҭимур Ҷанба иԥсҭазаара аҭоурых

© SputnikҬимур Ҷанба
Ҭимур Ҷанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса Аԥсны ирылаҳәоуп зылшарақәа ԥкыу ауаа ирышықәсны. Ара ҳалацәажәар ҳҭахуп 26-шықәса зхыҵуа Ҭимур Ҷанба иԥсҭазаара аҭоурых, уи ауадаҩрақәа ихы рыҵамырхакәа инхашаь атәы

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа

Ҭимур Ҷанба ибӷашшара ааха амоуп. Иареи сареи ҳаицәажәараан иҳаӡбеит иҩны ҳаиқәшәарц. Иара актәи аихагылаҟноуп дахьынхо, аха иҩныҟа анеиразы ашьапҿаԥсақәа быжьба урхалароуп, апандус ҳәа изышьҭоу иҷыдоу ахаларҭа араҟа иҟам.

Ҭимур уахьихәаԥшуа зых иамыхәо аӡә иеиԥш дубом. Ҳаицәажәараан иара зныкгьы иҿыҵымшәеит ажәа "ахымхәа".

Ҭимури сареи ҳаицәажәараан иара иҳәеит 26 шықәса дшырҭагылоу, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥсихолог изанааҭ иманы аҵара дшалгаз.

Иԥсҭазаара аиҭакра азы иажәабжь далагеит абасеиԥш: "2001 шықәса рзы амашьына сысит. Ашкол аҟынтәи аҩныҟа саауан. 11 шықәса схыҵуан. Арыжәтә ыжәны иҟаз имашьына акырӡа ирццакны дцон", — иҳәоит иара.

Иара 21 мшы ихы идыруа дыҟамызт. Ихдырра анааигьы акраамҭа дцәажәомызт. "Сҭаацәа, сыуацәа, исызгәакьаз аҩбатәи аԥсҭазаара сырҭеит уҳәар ауеит. Исыцхрааит. Исыдгылеит", ҳәа иациҵеит Ҭимур ицәажәара.

Ҭимур Ҷанба аус иуеит Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҟны ԥсихологс. Иара убасгьы днаплакҩуп – еиҭамҵуа амазара аахәареи аҭиреи рзы амаҵзура аартны имоуп, уи адагьы аԥсуа информациатә саитқәа руак модераторс дамоуп.

"Саԥхьаҟа ԥсихологны схы збоит. Исҭахуп схатә кабинет аасыртырц. Сҟазара ацҵаразы аҳәаанырцәҟа ицатәуп. Сҿаԥхьа ахықәкқәа иқәсыргыло маҷ-маҷ сыриааиуеит", — иҳәоит иара.

– Шәара хәышықәса ААУ аҟны аҵара шәҵон. Уаҟа шәҭагылазаашьа зырмариоу акгьы ыҟам. Шәнеиҭаҵ-ааиҭаҵра иацхраауадаз ауниверситет аҩныҵҟа?

– Сҩызцәа сыцхраауан. Есыҽны ахԥатәи аихагылахь схаргалон. Абарҭ ахәышықәса зегьы сҽысшәон ауниверситет аҟны алифт ҟарҵарц. Уажәы уа аремонт иаҿуп. Ирҳәоит алитгьы арҭоит ҳәа. Сара сышьҭахь аҽа ҷкәынкгьы ауниверситет дҭалеит. Уигьы аколиаска дантәалан.

Ҭимур амшын аԥшаҳәа дазааигәаны дынхоит. Есышьыжь уахь ԥшахьырсра ҳәа дцәырҵуеит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны саргьы уахь сиццеит. Ҳахьынеи-ааиуаз зегьы избаз пандус заҵәык ауп. Араҟа иарбанызаалак хыбрак Ҭимур иҩызцәа рзы иҟам, зынӡаскгьы иҟам атранспорт усеиԥш алшара змоу.

© SputnikТимур Чанба у Русского театра
Тимур Чанба  у Русского театра - Sputnik Аҧсны
Тимур Чанба у Русского театра

Ҭимур иҳәеит аамҭа ҭацәны ианимоу бзиа ишибо атеатр ахь аныҟәара. Бзиа иибо аспектакльқәа иреиуоуп "Тартиуф". Аԥсуа драматә театр аҿы ицо аспектакльқәа рыхәаԥшра илшом, избанзар уахь анеира ицәыуадаҩуп. "Аурыс драматә тетатр апандус амоу. Уигьы акыр иҳаракуп, цхыраарада ахалара уадаҩуп аха усгьы унеир улшоит. Саргьы спектакльк бжьасмыжьыц. Афилармониа, амузеи уҳәа сахьызнеиуа, рҭаара бзиа избоит", — иҳәоит Ҭимур.

Ҭимур Ҷанба ассоциациа "Инва-Содействие" аҿы иҟоу атренажиортә зал ахь дныҟәоит, есышықәсабжа Урыстәылаҟа игәабзиара аиҭашьақәыргыларазы дцоит.

"Ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа иреиуоуп авариақәа. Аиҳаракгьы урҭ аԥсыҭбарақәа анрыцу. Саргьы арыцҳара сақәшәеит аха ма сыԥсы ҭоуп. агәабзиара зегьы ирыцкуп. Агәабзиара анумоу иулумыршозеи. Жәеиза шықәса анысхыҵ аахыс сшьапы сықәымгылац аха схықәкахьыы снаӡарц сыгҭакуп", ҳәа иҳәоит Ҭимур.

Абаҩрҵәыраз аметодист Наталиа Шепелева Ҭимур аус идылулоижьҭеи хышықәса ҵуеит.

© SputnikТимур Чанба у абхазского драмтеатра
Тимур Чанба у абхазского драмтеатра  - Sputnik Аҧсны
Тимур Чанба у абхазского драмтеатра

"Ҭимур ишьапқәа аус руӡом, ибӷашша ааха амоуп. Рацәак ԥхьаҟа ҳаиҭаҵит ҳәа шысзымҳәогьы Ҭимур аколиаска аҟынтәи аҟәардәахь аиҭаҵра илшо дҟалахьеит. Уигьы акырӡа иаԥсоуп. Аԥхьа-аԥхьа рнапы данҵаны дааргон иҩызцәа. Уажәы маҷк акәзаргьы ихы дахәоит. Ҳара ҳанцәам, иҟалаша ҳәа сызҳәом аха избо алҵшәақәа агәыӷра урҭартә иҟоуп", — лҳәоит аметодист.

Иахьазы ишьақәыргылам Аԥсны аҩныҵҟа заҟаҩык абасеиԥш иҟоу ауаа нхо. Идыру акызаҵәык ауп – заҟаҩы ареабилитациа иахысуа рхыԥхьаӡара.

Ҭимур еиԥш иҟоу ауаа рыԥсҭазаара аԥкырақәа шамоугьы, иуҭаххар иулшаша рацәоуп. Уи ҿырԥштәны иазыҟоуп Ҭимур Ҷанба иԥсҭазаарагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0