Колосова: сара саршанхеит аспорт ахәыҷқәа ирнаҭо анырра анызба

© Фото : https://planeta.ruДЦП змоу ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аспорт акыр еиӷьнатәуеит
ДЦП змоу ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аспорт акыр еиӷьнатәуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахь иадҵаало реиҳараҩык ДЦП змоу ахәыҷқәа роуп, ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Афонд адиректор Джевеира Колосова.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Роберт Џьопуа. ДЦП змоу ахәыҷқәа рҭагылазаашьа акыр еиӷьнатәуеит аспорт, ҳәа ҳалҳәеит Агәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Джевеира Колосова.

"Сара саршанхеит аспорт ДЦП змоу ахәыҷқәа ирнаҭо анырра анызба. Уажәы Урыстәыла апрограмма ду аус ауеит. Изымныҟәо ахәыҷы ашәҩақәа дрықәгылар хымз рыҩныҵҟа раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигартә иҟалоит. Сара лабҿаба усеиԥш иҟаз ахәыҷқәа збеит", — лҳәоит Колосова.

Афонд адиректор далацәажәеит асеиԥш иҟоу ареабилитациатә центр Аԥсны аҟазаара шхымԥадатәиу. Ара иҟоуп ашьхақәагьы, асгьы. Иара убри аан илҳәеит аиҿкаара ишамам уиазы иаҭаху афинансқәа. Урҭ акыр имаҷым.

Колосова илҳәеит Москва дызлахәыз аконференциаҟны ажәахә шыҟалҵаз, ишеиҭалҳәаз аԥснытәи ареабилитациатә центрқәа русура атәы.

Афонд ахь инеиуа ахәыҷқәа рҟынтәи 50 процент ДЦП змоу роуп. Ареабилитациа атәыла аҩныҵҟа иахысуазар, ахәышәтәра аҳәаанырцә иахысыр ауп.

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Джевеира Колосова Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Джевеира Колосова агәра ганы дыҟоуп, ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара еиҳарак аҭаацәа роуп иалзыршо. Лара лажәақәа рыла Афонд аԥара еизнагоит, аҳәаанырцә ахәышәтәра еиҿнакаауеит, аха аҭаацәа хымԥада рхәыҷқәа нап рыдыркылалароуп, ареабилитациа иахрыжьлароуп мамзар зегьы лҵшәадахоит.

Ахәыҷтәы церебралтә паралич иазкыз аконференциа мҩаԥысит Москва. Иара еиҿнакааит Москва ақалақь агәабзиарахьчаразы Адепартамент.

Ажәабжьқәа зегьы
0