Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум қәҿиарала ихыркәшахеит

© SputnikVII Абхазо-российский деловой форум
VII Абхазо-российский деловой форум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Аԥсны-Урыстәылатәи афорум "Астратегиаҟынтәи ақәҿиарахь" аихшьаалақәа мҩаԥыргеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум қәҿиарала ихыркәшахеит иҳәеит VII Аԥсны-Урыстәылатәи афорум "От стратегии к истории успеха" аихшьаалақәа мҩаԥырго Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба, арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.

"Ари абыжьбатәи афорум ауп. Афорум иконкреттәу алҵшәақәа аанарԥшуеит. Ара имҩаԥган аҵак ду зманы иҟоу аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи анап рыҵаҩра", — иҳәеит Баҭал Ҭарба.

Ҭарба иажәақәа рыла афорум аҟны анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа фба рҟынтәи ԥшьба – Аинвестициатә агентра аганахьалаоуп анапы шрыҵаҩыз: аинновациатә ргыларатә индустриа аҿиараҿ аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аилахәырақәа "Аԥсныргылареи" Славиански мири".

"Аҩбатәи аиқәшаҳаҭра — Аԥсны Аԥыза-министри аилахәыра "Эко-центр менеджмент групп"адиректор хадеи рнапы аҵарҩит, ааглыхра ацрыҵқәа аус рыдулара иазырханы", — иҳәеит Ҭарба.

Афорум аҟны инарҭбааны ирылацәажәан атуризм, ақыҭанхамҩа, аенергетика рызҵаарақәа, аинвестициа азҵаарақәа уҳәа жәпакы.

Имҩаԥган астол гьыжьқәа хәба. Урҭ рҟынгьы изҵаара хаданы иқәгылан Аԥсни Урыстәылеи русеицура, аинвестициақәа рырҿиара, анаплакқәеи аекономика ареалтә сектори реизырҳара.

Ажәабжьқәа зегьы
0