Ҳаџьымба: афестиваль ҳажәларқәа доуҳала иарбеиоит

© Sputnik Бадрак Авидзба"Кунаки" аҳәаақәа ирҭагӡаны афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы
Кунаки аҳәаақәа ирҭагӡаны афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Кунаки" ҩынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны уи Аԥсны иҟан 2014 шықәса рзы. "Кунаки" аҳәаақәа ирҭагӡаны афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акинои ателехәаԥшреи рфестиваль "Кунаки" ацхраауеит асоциум апроблемақәа риааира, адоуҳа аҩаӡарахь ахагалара, аҩныҵҟатә дунеи аҿы аԥшаарақәа, ҳәа арбоуп афестиваль ахьӡала атәыла Ахада инеишьҭыз ашәҟәаҟны.

"Афестиваль – ари хҭыс дууп. Акультуреи аинформациеи реимдара иаҭыԥуп. Агәра згоит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа хра рыманы ишыҟоу", ҳәа аҳәоит атәыла Ахада инашьҭымҭаҟны.

Афестиваль апрезидент Сулиета Кусова-Чухо иазгәалҭеит сынтәа афестиваль ишалахәу зхаҭабзиара ҳараку аусумҭақәа.

"Афестиваль амҩаԥгаразы ахарџьқәа реиҳарак ахахьы иагеит Аԥсны анапхгара. Уи аҽазныкгьы агәра унаргоит Аԥсны акультура иамоу аҵакы бзианы ишеилыркаауа. Ҳара ирацәаны ҳалацәажәоит амилаҭтә еинырра, аха иаадыруазароуп ишыхадоу агәырӷьареи агәырҩареи еиԥшны ишаҳныруа, аблеи аблеи еихәаԥшуазароуп уҩныҵҟа игәиҭо аилкааразы. Аԥсны иаҳнаҭаз адгыларазы ҭабуп ҳәа ҳҳәоит", — лҳәеит лара.

Афестиваль аҟны идырбахоит аԥсуа режиссиорцәа ҿарацәа рфильмқәа ирылху апрограмма.

Афестиваль афильмқәа рбара алшоит Аҟәатәи ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, абҵара 19 — 24 рзы ҳәа рҳәоит афестиваль аиҿкааҩцәа. Ажиури ахантәаҩыс дҟалоит: Евгени Голынкин, ажиури иалахәхоит: Виачеслав Аблоҭиа, Мурат Джусоев, Касеи Хачегогу, Сергеи Куракин, Ефим Резников, Григори Гиберт. Акинофестиваль "Кунаки" еиҿкаахеит 2007 шықәса рзы. 2014 шықәса рзы уи раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0