Аблоҭиа: афестиваль "Кунаки" сынтәа иалоу аусумҭақәа ԥсыҽуп

© Sputnik Томас ТхайцукРежиссер Вячеслав Аблотия.
Режиссер Вячеслав Аблотия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа еиҭеиҳәеит акинофестиваль "Кунаки" аҟны ахәаԥшцәа идырбаз афильмқәа рыҩаӡара зеиԥшроу атәы.

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афестиваль "Кунаки" ес-шықәса Аԥсны имҩаԥгалазар бзиоуп, иҳәеит арежиссер Виачеслав Аблоҭиа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

"57 фильм ҳахәаԥшит, аха ҳәара аҭахума ԥахьатәи афестиваль аҿы афильмқәа еиҳа иӷәӷәан уажә аасҭа. Уажәы маҷк иԥсыҽуп афильмқәа, уахьахәаԥшуа зны-зынла агәҿыӷь уагоит. Аха ас уҳәа егьыс уҳәа иалҳхит афильмқәа еиҳа иреиӷьыз ҳәа иаҳаԥхьаӡаз быжьба", — иҳәеит Аблоҭиа.

Арежиссер иажәақәа рыла, афестиваль иалахәу афильмқәеи автортә теледырраҭарақәеи раҳаракыра еиҵоуп Аԥсны 2014 шықәсазы имҩаԥысуаз афестиваль иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар.

Арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа Sputnik Аԥсны иаиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ахәмарратә фильмқәа рахьтә акгьы алҳамхӡеит, избан акәзар, урҭ уиаҟара иалукаартә иҟамызт. Иалҳкааз адокументалтә фильмқәеи амультипликациеи роуп", — азгәеиҭеит иара.

Ателедырраҭарақәа ракәзар, урҭ рахьтә зыҩаӡара ҳараку ҳԥыхьамшәеит, иҳәеит Виачеслав Аблоҭиа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0