00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Апаспортқәа русура аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпаспорт ҿыцқәа
Апаспорт ҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны аԥсахрақәа алагалан "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рпаспорт азы Аԥҟара".

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны аԥсахрақәа алагалан "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рпаспорт азы Аԥҟара". Уи инақәыршәаны апаспортқәа рхархәара аҿҳәара иацҵоуп 2018 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа. Абри атәы иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава.

"Уаанӡа иҳадаҳкылахьаз Аԥҟараҟны иарбан уажәы ҳхы иаҳархәо апаспортқәа рыҿҳәара 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 азы инҵәоит ҳәа, аха атәылауаа рҭагылазаашьа арманшәаларазы ари арыцхә ҳнахеит 2018 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа", — иҳәеит Цаава.

Иара убри аан иазгәеиҭеит зыҿҳәара нҵәахьоу апаспортқәа рыԥсахра шаҭаху.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа иҳәеит апаспортқәа хымԥада сынтәа рыԥсахра аҭахны иҟам ҳәа.

"Ҩышықәса рыҩныҵҟа ауааԥсыра ырманшәаланы апаспортқәа ҳаԥсахуеит. Ажәытә паспорт аус шауагьы изҭаху иԥсахыр ҟалоит аҿатә аҿырԥшы ала, избанзар иара адунеижәларбжьаратә стандартқәа ирықәшәо ишьақәыргылоуп", — иҳәеит Кобахьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0