"Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын" захьӡыз акциа мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа"Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын" захьӡыз акциа мҩаԥысит Гагра
Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын захьӡыз акциа мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи абжьаратә школ №1 аҿаԥхьа, амҩа хадаҟны "Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын" захьӡыз акциа мҩаԥысит.

ГАГРА, абҵарамза 23 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. "Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын" захьӡыз акциа мҩаԥыргеит Гагра араион Ахадара аҿар рыҟәшеи, Гагра араион аҿар рхеилак "Аԥсҭазаареи", аҳәынҭавтоинспекциа Гаратәи аҟәшеи рымчала ашколхәыҷқәа алархәны.

Акциа мҩаԥган, Гагратәи абжьаратә школ №1 аҿаԥхьа, амҩа хадаҟны. Ари аҭыԥ залхызгьы уи ауп, мышқәак раԥхьа араҟа амҩатә машәыр иахҟьаны рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит ани аԥҳаи Маринеи Елеи Семирджиди.

Аӡӷаб хәыҷы Гагратәи абжьаратә школ №2 ахԥатәи акласс аҟны аҵара лҵон.

Убри аҟынтә лара лҩызцәеи ашкол аиҿкааратә ҟәша аиҳабы Олесиа Маланкеи активла акциа рҽаладырхәит.

"Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылеит ҳашкол аҵаҩы Елиа Семирджиди дахьҳаԥхаз. Жәышықәса зхыҵуаз ахәыҷы лыԥсҭазаара ҿахиҵәеит иццакуаз ауаҩы. Иахьа амашьына аԥсҟы зку зегьы рахь аҳәара ҟасҵоит, амҩатә ԥҟарақәа шәрықәныҟәаларц. Ишәхашәмыршҭын, шәара шәхы адагьы даҽаӡәы иԥсҭазаарагьы шәнапы ишану", — лҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №2 аиҿкааратә ҟәша аиҳабы Олесиа Маланка.

Елиа хәыҷы дахьҭахаз аҭыԥан, Гагратәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Анаҩс дара амашьынаныҟәцаҩцәа ирзыршеит "Шәыԥсҭазаара шәыхьча! Ишәхашәмыршҭын шәҭаацәа аҩны ишшәзыԥшу!", — ҳәа зныз абӷьыцқәа.

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа"Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын" захьӡыз акциа мҩаԥысит Гагра
Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын захьӡыз акциа мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
"Арыжәтә уҽаҭаны аԥсҟы умкын" захьӡыз акциа мҩаԥысит Гагра

"Аӡәгьы изы имаӡаӡам, амҩатә машәырқәа ирхырҟьаны аҿар рацәаны ишҭахахьоу, аҵыхәтәантәи аамҭазы амашәыр иақәшәоит ахәыҷқәагьы. Ҳара агәра ҳгоит, абас еиԥш иҟоу акциақәа лассы-лассы имҩаԥаагалар, амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәара маҷк иадамхаргьы ишахәо", — рҳәеит акциа амҩаԥгаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0