Ҳаџьымба: аӡбаҩцәа ралхраан апородокстә ҭагылазаашьа ыҟан

CC0 / / Ҳаџьымба: аӡбаҩцәа ралхраан апородокстә ҭагылазаашьа ыҟан
Ҳаџьымба: аӡбаҩцәа ралхраан апородокстә ҭагылазаашьа ыҟан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акандидатцәа хәҩык рахьынтәи ҩыџьа Апарламент иалнахит Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәас аҩаша, абҵара 22 рзы.

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Акандидатцәа хәҩык рахьынтәи ҩыџьа Апарламент иалнахит Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәас аҩаша, абҵара 22 рзы.

Апарламент адепутатцәа ирыдыркылаз аӡбра парадоксуп ҳәа азиҳәеит атәыла Ахада.

"Сара уаанӡа икандидатура сыдгалан Ҭамаз Қьецба. Иҟалеит апарадоксалтәу аҭагылазаашьа: адепутатцәа дара исыдыргалаз ахаҿқәа аналрымхуа. Адепутаттә корпус ахь схы нарханы исҳәар сҭахуп, аҳәынҭқарразы аҵакы зманы иҟоу аусқәа ҭакԥхықәрала шәазнеилароуп ҳәа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Иара убасгьы ахҳәаа аиҭеит адепутатцәа рыбжьыҭишьа. Иара иҳәеит, депутатцәақәак акандидадатцәа иарбанызаалак зҵаарак рымҭакәа рыбжьы рҭиит ҳәа. Иҟоуп абиуллитен зауны зыбжьы зымҭиз. Уи маӡалатәи абжьыҭира арегламент иаҿагылоит.

2014 шықәса мшаԥымза 30 рзы Аԥсны Аконституциа иалагалан аԥсахрақәа, Аконституциатә ӡбарҭа аԥсахрақәа ралагалара азыԥхьагәазҭоз. Уи инақәыршәаны аӡбаҩцәа 40 шықәса иреиҵамзароуп қәрала, 15 шықәсатәи аусутә ԥышәа рымазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0