Асоциолог: ауаа рхы ак аҭагалара мариоуп

© Фото : unsplash.comАуаа, архивтә фото
Ауаа, архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишдыру еиԥш асоциологиа иҭнаҵаауеит, иагьунарбоит ҳауаажәларратә еилазаара аҭагылазаашьа. Ари анаука иалшоит ахәшьарақәа рыҟаҵара, дара ауаажәларгьы иахәҭаны иҟоу ахырхарҭахь рхы акыдҵара.

Аԥсуа уаажәларратә еилазаара аҭагылазаашьеи, ҳаамҭазтәи адунеи иҟанаҵо аныррақәа иара шырыԥсахуеи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥши ақьабызқәа реиқәырхареи ртәы ҳкорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа дылзалацәажәеит асоциолог Мрамза Џьыкырԥҳа.

– Мрамза, иаҳзеиҭашәҳәа иахьатәи аамҭазы аԥсуа уаажәларратә еилазаара аҭагылазаашьа атәы.

Ҳауаажәларра аҿиара аманы ԥхьаҟа ишцогьы иазгәоумҭарц залшом иара иахнаго аԥсахрақәа.

– Иарбан ԥсахрақәоу шәызлацәажәо?

– Ҳаамҭазтәи ауаажәларра иахҭысит еиуеиԥшым ауадаҩрақәа: СССР аилаҳара, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭақәа, нас, иахьа  иаабо аглобализациа апроцесс. Ҳара ҳгәы иаанагоит адунеи ду акыр ҳацәыхароушәа, уатәи апроцессқәа ҳара иаҳхьымсуашәа, аха уи иашам. Атәылақәа зегь рҟнеиԥш ҳара ҳҟынгьы аглобализациа анырра ҟанаҵоит. Ҳаԥсахуеит.

– Изакәытә уаажәларрахои нас иҳауа?

– Ҳара уажәы аҽеиҭакра аамҭа ҳҭагылоуп. Аҳәара уадаҩуп  иахьа ҳзакәыҵәҟьаны ҳаҟоу аҳәара. Уаажәларратә еилазаарак аҳасабала ҳашьақәгылара апроцесс амҩаԥысра иаҿуп.

–Ҳара лассы-лассы иаҳгәалаҳаршәоит 50-100 шықәса раԥхьа иҟаз аԥсуа ихаҭара. Иазаҳаԥхьаӡоит ҳхаҿра ҳцәыӡит ҳәа. Ус ауп ҳәа узҳәома?

– Ҳара ҳажәлар ирхыргаз аԥсахрақәа, аиҭакрақәа азгәаҭо ажәытәра ҳаналацәажәо  иуадаҩуп уи бзиоуп мамзаргьы ибааԥсуп ҳәа азҳәара. Аамҭа аҽаԥсахуеит, уи иақәшәан ианцо ауп ауаажәларратә еилазаарагьы ахы аназыхьчо, аҽанеиқәнархо. Ҳара адунеи ҳахәҭакуп, ҳалкьны анхарагьы ҳалшаӡом. Аха иара убри аан аҽа жәларык ҳрылазмырҩашьо ҳҷыдарақәа еиқәҳархароуп. уи, раԥхьа иргыланы ҳҵас-қьабз ауп. Еилкаау акоуп зегь шаҳзеиқәмырхо. Абри ауп аглобализациа апроцесс ҳәаны изышьҭоугьы. Абзиеиԥш ацәгьарагьы аазго.

– Шәара ишәҳәеит аглобализациа  апроцесс адҵаҟаҵарагьы алшоит ҳәа. Уи ишԥа?  Ҳара уи ҳашԥазыхиоу?

– Аглобализациа апроцесс иаҳзаанагар алшоит ауаа ргәаанагарақәа еиԥхьзырттоу, изыԥсахуа, ирҭахым џьара акгьы мчыла ирыдызгало аҭагылазаашьақәа. Иҟалоит уи ауаҩытәыҩса изин азы адемократиатә  гәрахаҵарақәа ракәзаргьы. Лассы-лассы асеиԥш ҟалар ауеит  хаз иго хаҿқәак раԥшьгарақәа рыла, урҭ дара ирҭаху  идеиак амассатә хархәагақәа рыцхыраарала ауаа ианрыладырҵәо. Ҳара иахьа ҳазҭагыло аамҭазы дасу ихала дыҟоуп, аматериалтә хәдурақәа еиҳа аԥыжәара риҭоит. Асеиԥш ҟалоит аҳәынҭқарра аҟынтәи ауаа ахьчареи адгылареи анрымам.

– Ҳара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш еиҿызкаауа ҳәа иҟоу аҿар роуп. Иахьатәи Аԥсны аҟны изеиԥшроузеи ҳԥеиԥш ҳәа ззаҳҳәо – аҿар?

– Ҳауниверситет аҟны иҟоуп асоциологиа акафедра, ахатәы лобараториа. Уа астудентцәеи ҳареи асоциологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥаагоит. Убри аан дара астудентцәагьы ҭаҳҵаауеит ҳауаажәларра рыхәҭак реиԥш ишьаны.  Иуҳәар алшоит ҳаилазаара  даара ишеиуеиԥшым. Иара убри аан ҳҿар реиҳараҩык шыбзиоу – хымԥадоуп. Проблема хаданы иҟоу  иахәҭоу ахырхарҭа ахьырмоуоуп. Даара акраҵанакуеит астудент уаҵәтәи имш анибо, аҵара бзианы иҵар аусурҭа ҭыԥгьы  шиоуа анидыруа.  Иахьазы ҳастудентцәа аҽа ԥсихологиоуп ирымоу. Аиҳаракгьы рҭаацәа шрыцхраауа рдыруеит, урҭ ирықәгәыӷуеит.  Ауаҩ қәыԥш аҳәынҭқарра инаҭо амотивациа имазароуп. Аҿар рзы ашәқәа зегьы аартлатәуп, ацхыраара рыҭалатәуп.

– Аиҳабыратә абиԥара аҿар рхымҩаԥгашьа рацәак ргәы иахәом – ааӡара рыгуп, рхымҩаԥгашьа иашам ҳәа иршьоит. Уи аган шԥаҟоу?

– Аҿар, аглобализациа аума, ҳаамҭазтәи аинтернет. Атехнологиақәа, акомпиуторқәа, ателефонқәа роума рхы инарҭбааны ишадырхәогьы, урҭ анырра ду шрырҭоугьы аԥсыуала иааӡоуп. Уи ршьа-рда иалоуп.  Иуҳәар иашахом  — зегь рзеиԥшуп ҳәа. Сара сгәы иаанагоит урҭ аҿырԥш бзиа дырбалатәуп, ирҽхәалатәуп ҳәа.

– Иахьазы, ҳауаажәларра рҭагылазаашьа, рыбзазаашьа анализ азуа, иабанӡалшои иуҳәар – ҳҵасқәеи ҳқьабызқәеи ҳаԥхьаҟа иӡыр ҟалоит ҳәа?

– Макьаназ ушәартәеиԥш иҟам. Ҳара иҳамоуп алшарақәа ҳабзиара мырӡӡакәа ҳхаҭара ашьақәырхара. Аҵак ду рыманы иҟоуп аинтеллектуалтә елита ҳәа изышьҭоу.  Асеиԥш аелита ҳаман аибашьра аԥхьа. Усҟан дара ауаа ридеологиа еиҿыркаауан, еидыркылон, цәашьушәа алашара ддырбон. Иахьагьы иҳамоуп  аҵарауаа дуқәа аха усҟантәиқәа рыҟамзаара акыр иаҳныԥшуеит. Усеиԥш иҟоу, аԥара аасҭа адоуҳа ахә ҳаракны изшьо – еснагь ԥхьаҟа ургоит, удунеи дырҭбаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0