Акинофестиваль "Кунаки" аҿы аноминациа ҿыц аԥшьгахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивное фото
Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акинои ателехәаԥшреи иаарту рфестиваль "Кунаки" хыркәшахеит Аҟәа аԥшьаша, абҵара 24 рзы.

АҞӘА, абҵара 25  – Sputnik, Владимир Бегунов. Акинофестиваль "Кунаки" апрезидент Сулиета Кусова-Чухо ашколхәыҷқәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит ҽааны иҟалараны иҟоу аноминациазы ателефонқәа рҟны акино ҭырхларц.

Режиссер Вячеслав Аблотия. - Sputnik Аҧсны
Аблоҭиа: афестиваль "Кунаки" сынтәа иалоу аусумҭақәа ԥсыҽуп

"Сынтәа афестиваль аҟны ашколхәыҷқәа ыҟан. Урҭи ҳареи ҳаицәажәара ашьҭахь  иҳаӡбеит  ателефон ала иҭыху афильмқәа рноминациа еиҿаҳкаарц" — лҳәеит афестиваль аркра ахәылԥаз аан  Акинофестиваль "Кунаки" апрезидент Сулиета Кусова-Чухо.

Лара лажәақәа рыла асеиԥш иҟоу афильмқәа рыдкыларазы аԥҟаррақәа ринформациа иаарласны ицәыргахоит афестиваль "Кунаки" аофициалтә саит аҟны.

Акинофестиваль "Кунаки" еиҿкаан 2007 шықәса рзы Дагомыс имҩаԥысуаз Урыстәыла ажурналистцәа рфорум аҟны. 2014 шықәса рзы афестиваль раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥган.

Ажәабжьқәа зегьы
0