Акомпозитор Оҭар Хәынҵариа игәалашәаратә хәылԥазы Аҟәа имҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль Апхьарца
Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазкны Аҟәа имҩаԥгахоит агәалашәаратә хәылԥазы. Уи ахьымҩаԥысуеи ишымҩаԥгахои ртәы Нонна Ҭхәазԥҳа лыҿцәажәараан еиҭеиҳәеит акомпозитор иҵаҩы, Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа арҵаҩы Баҭал Аҩӡба.

Sputnik, Нонна Тхәазԥҳа.

Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазкны Аҟәатәи  Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгахоит агәалашәаратә хәылԥазы. Уи ахәылԥаз мҩаԥыргоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа аусзуҩцәа.

Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба: Оҭар Хәынҵариа аԥсуа милаҭтә инструментқәа реиқәырхара дашьҭан

Оҭар Хәынҵариа лассы-лассы ажәлар рашәақәеи аркәашагатә мелодиақәеи дрызхьаԥшуан, аус рыдиулон, ирҿыцуан. Дара ԥхасҭамтәкәа, ршьагәыҭ ааныжьны, ирбеианы азыӡырҩцәа  ирыдигалон. Хәынҵариа ирҿиамҭақәа зегьы  ажәлар рҿаԥыцтә  ҳәамҭақәа еснагь ирзааигәан, ҳәа иазгәеиҭеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа арҵаҩы Баҭал Аҩӡба.

Оҭар Гьаргь-иԥа  Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭаҿы инеиԥынкыланы акыр шықәса аус иуан. Акомпозитор игәалашәара иазку Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгахо  агәалашәаратә концерт иалахәхоит Аԥсны еицырдыруа аестрадатә шәаҳәаҩцәа, урҭ инарыгӡоит акомпозитор иашәақәа ипара убас, иқәгылоит иара иааԥсара рацәаны изду аколлективқәа.

"Оҭар Хәынҵариа иаимырҳәоз  амузыкатә инструмент ыҟаӡамызт. Иара ибзиан иаирҳәон амырзакан, аԥхьарца, аҿырпын  уҳәа. Аибашьра анеилга Хәынҵариа ԥыҭрак ашьҭахь аусура далагоит Аҟәатәи акультуратә  ҵараиурҭаҿы. Уа иара идирҵон ажәытәӡатәи аԥсуа музыкатә рҳәага аҿырпын арҳәашьа. Анаҩс, иара еиҿикааит аҿырпын арҳәаҩцәа ргәыԥ,  иара убас аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагатә инструментқәа рыла ишьақәгылаз аоркестр", – иҳәеит Аҩӡба.

Хәынҵариа иҵаҩы излеиҳәо ала, акомпозитор зегь раҵкыс игәы иҵхон аԥсуа музыкатә рҳәагақәа рыхьчара, реиқәырхара, ажәлар ирылаҵәан рхы иадырхәо аҟаҵара акәын.

"Иара ибзоураны ҿыц аԥсҭазаара роуит жәлар ринструментқәа: аҿырпын, абыкь, асаркьал, еиуеиԥшым аинҟьагақәа. Иара иҭахын ҳажәлар ирдыруазар  ҳара ҳмилаҭтә инструментқәа егьырҭ ажәларқәа ринструментқәа ишрыламҩашьо. Урҭ рхархәарала инаугӡар шалшо адунеиаҟны еицырдыруа аклассикатә рҿаимҭақәагьы. Ииааӡоз аҿар амузыкаатә гьама бзиа рылаиааӡон, ган рацәала рыҩныҵҟатә дунеи аизырҳара иҽазишәон. Есымша ипрограмма шьагәыҭс иамаз ажәлар рырҿиамҭақәа рнаҩсангьы аус рыдиулон еиуеиԥшым акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа Иаԥиҵаз аоркестр аԥеиԥш бзиа аиуны, анаҩс иҳәынҭқарратә оркестырны иҟалар иҭахын", – иациҵеит Аҩӡба.

Оҭар Хәынҵариа аԥсуаа рҵас, рқьаз ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылон. Акомпозитор иаԥиҵахьоу ашәақәа 150 инареиҳаны Аԥсны иеицырдыруа ирылаҵәахьеит.  Иаҳҳәап аибашьра аан ииз "Аҳаҳаи Амарџьа", аҿар ргимн "Иҭбаауп адунеи", "Аҷандара", "Ашәҭқәа ирылоу аҭыԥҳа" уҳәа иара инап иҵыҵыз зегьы ажәлар ирыдыркылон бзиа еицырбо иҟалон.

Ажәабжьқәа зегьы
0