Фазиль Искандер ихьӡ Аԥсны инаӡаӡартәуеит

Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьаз Фазиль Искандер ихьӡ анаӡаӡатәразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иазырхоу акомиссиа аилатәара мҩаԥнагеит абҵара 29 рзы, аҩашаҽны.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Фазиль Искандер ихьӡ анаӡаӡатәра хра зманы иҟоу зҵаароуп, иара ихьӡ аиқәырхара иазырхоу апроектқәа хымԥада ирыдгылалатәуп иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц аилатәараҟны.

Фазиль Искандер абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит

"Хәшьарак узаҭо иҟам Аԥсны иахәҭакны иуԥхьаӡо Фазиль Искандер ихаҭара, иара Аԥсназы иҟаиҵаз. Ҳара иаҳуалуп иҳалшо зегьы ҟаҳҵарц уи ихьӡ, игәалашәара абиԥарақәа еимырдаларц азы. Фазиль Искандер дуаҩ дуӡӡан, иҩымҭақәа рыла Аԥсны ахьӡ адунеи иалаирҵәеит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп иара ихьӡгьы анаӡаӡатәра", — иҳәеит Беслан Барцыц.

Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит Фазиль Искандер ихьӡ  аҳҭнықалақь амҩадуқәа руак, хымԥада ибаҟа шаарттәу.

"Фазиль Абдул-иԥа ихьӡ Аҟәа амҩадуқәа руак иахҵатәуп. Иалацәажәан иалкаатәуп ибаҟа ахьҳаргылаша аҭыԥ, ирылаҳәатәуп ашәҟәыҩҩ искульптура анагӡаразы жәларбжьаратәи аконкурс. Иара убасгьы иахәҭоуп  дахьынхоз аҩнаҟны амемориал ӷәы акыдҵара", — иҳәеит Занҭариа.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы  Руслан Ҳашыг дадгылеит  Фазиль искандер игәалашәара анаӡаӡатәраз анаука-ҭҵааратәи акультуратәи центр аартра аидеиа.

"Ҳара ҳалацәажәоит   Фазиль  ихьӡ зху ацентр аартра азҵаара. Иҟан ажәалагала Мгәыӡырхәа ақыҭантәи иҩнаҟны еиҿкаазаарц. Даара исҭахуп искандер иҩны  ирҿиара бзиа избо адунеи зегь аҟынтәи аҭааҩцәа аиурц", — иҳәеит ҳашыг.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Акомиссиа алахәылацәа иазгәарҭеит Фазиль  диижьҭеи 90 шықәса аҵра ахьӡала иҭыжьзарц иҩымҭақәа х-томкны иҟоу реизга.

"Фазиль Абдул-иԥа ииубилеи аламҭалазы иҭыжьтәуп иҩымҭақәа х-томкны иҟоу реизга. Иара убасгьы ашколтә программа иалагалатәуп  Искандер ирҿиамҭақәа.  2017 шықәсазтәи ашколтә, ареспубликатә олимпиадақәа Фазиль Абдул-иԥа иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызкхароуп. Уи адагьы  имҩаԥгахоит  Искандер ирҿиамҭа иазку аконференциақәа» — иҳәеит Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0