АҞӘА, ԥхынҷкән 30 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рхадацәа рыбжьара аиҿцәажәара ҟалараны иҟоуп Москва, ԥхынҷкәын 1 азы. Иазыԥхьагәаҭоуп ҩ-ганктәи аусеицура иазку азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара, 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра азҵаарақәа рынагӡара атәгьы абрахь иналаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.
Ҷыдала азхьаԥшра роуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азҵаареи иара убасгьы аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа реиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа азҵаарақәеи.
Атәылақәа рхадацәа аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысуан 2016 шықәса жәабранмза 18 рзы. Усҟан Владимир Путини Рауль Ҳаџьымбеи алацәажәон Аԥсны абанктә система аиӷьтәра амҩақәа, аԥсуа-аурыс ҳәааҟны аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи аенергетикеи рызҵаарақәа.
Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра роуразы ирмариоу апроцедурақәа реиҿкааразы адокументқәа аус рыдулара ишалшо ала ирццакхарц азы.