Амилаҭтә хеилакқәа ирызкыу афильм ӡырган Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукШьамтәылатәи арепатриантцәа рҭоурых
Шьамтәылатәи арепатриантцәа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Культурное многообразие – богатство общества" аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларратә телестудиа "Асаркьа" иҭнахраны иҟоуп Аԥсны амилаҭтә обшьчинақәа рыԥсҭазаара иазку афильмқәа рцикл.

Иахьа Аԥсны Шьамтәылантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рынхашьа-рынҵышьа  атәы шәаԥхьар шәылшоит ҳкорреспондент Рада Ажьиԥҳа лматериал аҟны.

2012 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа нхараҳәа иааит Шьамтәылантәи 114-ҩык ауааԥсыра, аԥсуаа. Шьамтәылатәи арепатриантцәа ирызку афильм аӡыргараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатцәа Дамаски Беирути имҩаԥыргоз аусурақәа ртәы иигәалаиршәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинфармациатә ҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Ҭарба.

Сара сзы акраҵанакуаны иҟоуп Шьамтәылатәи ҳауаажәлар рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра апроект сахьалахәыз. Шьамтәылантәи урҭ Аԥсныҟа рыхынҳәра  Аԥсназы хра змоу хҭысуп. Напынҵак иҟоу атәыла хәыҷы агуманитартә акциа мҩаԥнагеит, Ҩ-ҳаирпланк рыла  аџьынџьуаа рҭоурых ԥсадгьыл ахь иархынҳәит. Афильм аинтерес ду аҵоуп, аха иара инагӡаны иалшом урҭ ахҭысқәа иныҭкааны раарԥшра. Ҳара усҟан ҿык-бзык иазымҳәо анасыԥ ҳаманы ҳхы аабон. Ҳаицҵәыуон, ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭенгьиз Ҭарба.

"Ԥшьышықәса раԥхьа иахьагьы аибашьра амца зхақьоуқьадуа Шьамтәылантәи аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа ржәытә ԥсадгьыл ахь иааган. Арепатриантцәа иахьатәи рыԥсҭазаара иазкуп иҭаҳхыз афильм. Абызшәатә уадаҩрақәа раԥырҟәҟәааразы ацхыраара ҳаиҭон ҳџьынџьуаҩ Надир Саид", — лҳәеит афильм автор, ажурналист  Розита Герман

Афильмқәа зегьы еиҭарҳәараны иҟоуп зыԥсадгьыл иаҟәыгаз ауаа рҭоурых, рынхашьа-рынҵышьа, ргәыӷрақәа ртәы.

Ажурналист  Надежда Венедиктова лажәақәа рыла афильм ахронометраж иалнаршом арепатриантцәа рыҩныҵҟатә дунеи инарҵауланы алаԥшра.

"Афильм аамҭала 7-9 минуҭ ахьракәу иахьцо – инарҭбааны иубарц иуҭаху унарбом. Сара исҭахын избар дара-дара реизыҟазаашьа, реидгылашьа. Аха ихадоу – апрограмма аусура иалагеит. Ҳара иаадыруазароуп урҭ Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаара ралахаларазы иахәҭаны иҟоу", — лҳәоит Венедиктова.

Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл ахь" ахантәаҩы Роланд Ажьиба 2012 шықәса рзы напхгара аиҭон Шьамтәылатәи арепатриантцәа рыцхрааразы акциа.

"Раԥхьатәи 3-4 мзы дара ирцәыуадаҩын  ара аҽаршьцылара. Уадаҩрак роур иҳадҵаалон. Ирцәыцәгьан усда-ҳәысда атәара. Усҟантәи аамҭақәеи иахьатәи аамҭеи еидкылан уахәаԥшуазар, уажәы урҭ ҳаԥсҭазаара иалашьцылеит", — иҳәеит Роланд Ажьиба.

Апроект "Культурное многообразие – богатство общества" анхыркәшахалак афильмқәа зегьы ӡыргахоит.

2012 шықәса раахыс Аԥсныҟа нхараҳәа иаахьеит 700-ҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа. Урҭ рҟынтәи 400-ҩык иааиԥмырҟьаӡакәа ара инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0