Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы амузеи иаҭаз аҟама дахцәажәеит

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ԥхынҷкәын 2 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭаз араӡны ҟама дахцәажәеит аетнологиа аҟәша аиҳабы Бела Қьецԥҳа.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа амҳаџьырран атәым дгьыл ахь игаз араӡны ҟама Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит ахәаша ԥхынҷкәын 2 рзы.

Аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Бела Қьецԥҳа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа амузеи иарҭаз аҟама дахцәажәеит

"Емрулаҳ Қаԥба излеиҳәо ала, араӡны ҟама иабду, ақыҭа Акаԥа инхоз, Муса Қаԥба итәын. Аԥсуаа Аԥснынтәи 1876-77 ашықәсқәа раан ихҵәаны ианцоз аҟама Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Емрулаҳ  иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иман, иахьа Аԥсныҟа ирхынҳәит. Аԥсны аҟамақәа ҟазҵоз анапҟазацәа ирацәаҩны иҳаман. Аҟамақәа бзианы иаархәон, ҳамҭак аҳасаб ала еимырдон, ус игоу, егьыс иҟазу ҳҳәаразы аҭҵаара аҭахуп. Иахьа ҳзеигәырӷьо –ҳауаажәлар рыԥсадгьыл ахь ишыхынҳәо еиԥш, рҟәыхқәагьы акакала агьежьра иахьалагаз ауп. Ҳдиаспора Ҭырқәтәыла аматериал рацәа шрымоу ҳдыруеит. Ԥсуаҵасла ихәыцуа ҳашьцәа изларылшо ала иԥшааны архынҳәра иаҿуп", – иазгәалҭеит аетнологиа аҟәша аиҳабы.

Аҳәынҭқарратә музеи иаҭааз аҟама раԥхьатәиуп ҳәа ҳазҳәаӡом, ҳәа лҳәеит Қьецԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0