Амҳаџьырраан Ҭырқәтәылаҟа игаз араӡны ҟама Аԥсныҟа иаарышьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмҳаџьырраан Ҭырқәтәылаҟа игаз араӡны ҟама Аԥсныҟа иаарышьҭит
Амҳаџьырраан Ҭырқәтәылаҟа игаз араӡны ҟама Аԥсныҟа иаарышьҭит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа амҳаџьырран атәым дгьыл ахь игаз араӡны ҟама Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит ахәаша ԥхынҷкәын 2 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2  – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа игаз араӡны ҟама аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит.

"Еицаҳтәу амузеи ахь есымша шәааира ҳазыԥшуп. Ҳмилаҭ цәамаҭәоума, ҽырԥшӡагоума, иахьанӡа ҳдиаспора еиқәырханы ирымоу ҳжәытә маҭәахәқәа хәыҷы-хәыҷла Аԥсныҟа иахьаарышьҭуа уамеигәырӷьар залшом", – иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа.

Аҟама амузеи иаиҭеит Емрулаҳ Қаԥба. Иара иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла имаҷымкәа аԥсуа жәытә маҭәахәқәа еиқәханы иҟоуп.

"Ирацәаны ҳазхәыцон Аԥсны иатәу, иаанханы иҟоу аматериалқәа реизгара. Имаҷӡам урҭ аматериалқәа Ҭырқәтәыла еизызгогьы, иаарласны амузеи ахь иаарышьҭып ҳәа сгәыӷуеит", – иациҵеит Қаԥба.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Бела Қьецԥҳа лажәақәа рыла, аусумҭа ахаҭа иҟазҵази, иахьыҟаҵази, ианыҟаҵаз ашықәси аҳәара макьана иуадаҩуп, аҭҵаара аҭахуп.

"Емрулаҳ Қаԥба излеиҳәо ала, араӡны ҟама иабду, ақыҭа Акаԥа инхоз, Муса Қаԥба итәын. Аԥсуаа Аԥснынтәи 1876-77 ашықәсқәа раан ихҵәаны ианцоз аҟама Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Емрулаҳ  иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иман, иахьа Аԥсныҟа ирхынҳәит. Аԥсны аҟамақәа ҟазҵоз анапҟазацәа ирацәаҩны иҳаман. Аҟамақәа бзианы иаархәон, ҳамҭак аҳасаб ала еимырдон, ус игоу, егьыс иҟазу ҳҳәаразы аҭҵаара аҭахуп. Иахьа ҳзеигәырӷьо –ҳауаажәлар рыԥсадгьыл ахь ишыхынҳәо еиԥш, рҟәыхқәагьы акакала агьежьра иахьалагаз ауп. Ҳдиаспора Ҭырқәтәыла аматериал рацәа шрымоу ҳдыруеит. Ԥсуаҵасла ихәыцуа ҳашьцәа изларылшо ала иԥшааны архынҳәра иаҿуп", – иазгәалҭеит аетнологиа аҟәша аиҳабы.

Аҳәынҭқарратә музеи иаҭааз аҟама раԥхьатәиуп ҳәа ҳазҳәаӡом, ҳәа лҳәеит Қьецԥҳа.

"Ари аҟама аԥхьа иаахьоу аматериал рацәаны иҳамоуп. Ус акыр зҵазкуа аматериалқәа Шьамтәылантәигьы иҳаухьан. Ааигәагьы Зерин Шамԥҳа ланду иалырҳәоз амырзакан Аԥсныҟа илырхынҳәит. Иҟоуп, иара убас, Аԥсуа милаҭ иаҳзеиԥшу музеиуп ҳәа иҳацхыраауа,  ус, сымҩашьозар, 18 маҭәар рҟынӡа Ҭызџьан Ебжьноуԥҳа лара лнаплыхымҭақәа ҳмузеи иалҭеит", – иацылҵеит Қьецԥҳа.

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь, аԥсуа адиаспора ахаҭарнакцәа идырбан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи злабеиоу аекспонатқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0