Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хьыбла Мықәба: апроект "Ашәа еицаҳҳәап" ахԥатәи ахәҭа – еицлабраӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукХибла Мукба
Хибла Мукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын хәба аҽны ихацыркхоит амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" ахԥатәи ахәҭа. Апроект аиҿкааҩцәа рыгәҭакқәеи, ҿыцрақәас иалагалои, ирзыԥшузеи апроект абзиабаҩцәа, абарҭ ртәы Sputnik арадиостудиаҿы далацәажәеит амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" автор, ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәба.

Амузикатә проект «Ашәа еицаҳҳәап» ҩ-сезонк аконцертқәа мҩаԥысхьеит, дара зегьы конкурсны имҩаԥсыуан. Хьыбла Мықәба иазгәалҭеит амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" ахԥатәи асезон алахәылацәа рыбжьара аконкурс шымбаԥымгахо. Еиуеиԥшым атематикатә концерқәа фбеи, артистцәа ҿыццәа раарԥшреи рзыԥшуп апроект абзиабаҩцәа, лҳәеит автор.

Хьыбла Мықәба: апроект "Ашәа еицаҳҳәап" ахԥатәи ахәҭа – еицлабраӡам

Амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап"  автор, ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәба лажәақәа рыла апроект аидеиа рызцәырҵит шықәсқәак раԥхьа арежиссер Мадина Аргәынԥҳаи лареи. Апроект ашьаҭа аагоуп аурыс проект "Две звезды" аҟнытәи. 


Ажәабжьқәа зегьы
0