Апоетесса Белла Барцыцԥҳа 70 шықәса лхыҵит

© Sputnik / Саида ЖибаАпоетесса Белла Барцыцԥҳа 70 шықәса лхыҵит
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа 70 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа 70 шықәса лхыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Гагра.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Томас Кокосқьыр ихьӡ зху Гагратәи акультура аҩнаҟны имҩаԥысит, апоетесса, Аԥсны ашәҟәҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Белла Урсҟан-иԥҳа Барцыц 70 шықәса лхыҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы.

Апоетесса илыдырныҳәаларц акультура аҩнахьы имҩахыҵит лыуацәа, лҩызцәа, акыр шықәса аус зцылухьаз лколлегацәа, Аԥсны ашәҟәҩҩцәа Рассоциациа алахәцәа, Гагра араион анапхгара.
Аиубилеитә хәылԥазы аартын, Белла Барцыцԥҳа лажәеинраала "Ахәрашәазы ахәрашәа" анагӡарала.

"Абра иахьа ҳаззаиз, ҳҩыза гәакьа Белла Барцыцԥҳа ибыдаҳныҳәалоит бымш иира. Ибзеиӷьаҳшьоит ақәра нҵыра ду, бнапы злаку аус аҿы еиҳау ақәҿиарақәа. Бара бҩымҭақәа рыла, ҳмилаҭтә литература акырӡа ибырбеиеит", — иҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Иара убас апоетесса лиубилеи лыдныҳәало, ҳамҭала дырҩычеит, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар, ашколқәа рдиректорцәа, апоетцәа Вахтанг Аԥҳазоу, Анатоли Лагәлаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ажурналистцәа Закан Агрба, Валери Орчыҟәба, Лев Гыцба, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аусзуҩцәа, Аԥсны Анацәа Рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычба, Гагра араион Анацәа

Рхеилак ахаҭарнакцәа, Гагра араион акультура аусзуҩцәа, Бзыԥҭа аҳабла Ахадара уҳәа.

Аиубилеитә хәылԥазы аҟны, раԥхьаӡакәны инагӡан, Белла Барцыцԥҳа лажәеинраала "Владислав Арӡынба изку агимн" иалхыз ашәа. Уи мчыбжьык иалагӡаны музыкала еиқәиршәеит, акомпозитор Тото Аџьапуа. Гагратәи акультура аҩны асценаҟны, Аԥсны Жәлар рартист иаҳәшьаԥа Асҭамыр Кәыҵниеи иареи инарыгӡеит.

Апоетесса Белла Барцыцԥҳа
мимина - Sputnik Аҧсны
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа

Асценаҟны иқәыҩуан Белла Барцыцԥҳа илызкны иҩыз ажәеинраалақәа. Иаҳхәозар, апоет Анатоли Лагәлаа даԥхьеит иҩыза гәакьа илзикыз ажәеинраала «Багәылҷҷауеит Гагра».

Апоетесса ихатәы жәеинраала лзикит аԥсуа школ аҵаҩы Леон Барцыц.
Ахәылԥаз аҟны иналумкаарц залшом, Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа. Дара Белла Барцыцԥҳа лажәеинраалақәа угәаҵанӡа инеиртә, улабжыш аахыҳәҳәаратәы ирыԥхьеит.
Апоетесса лаҳаҭыр азы, аԥсуа кәашара нарыгӡеит, ахәыҷҭәы ахореографиатә ансамбль "Афырҭын" ахкынагӡаҩцәа.

Еизаз идырбан, Белла Барцыцԥҳа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан лнапы иҵҵхьаз, архив аҟнытә иаагаз, "Ԥсоу уҷкәынцәа" захьӡыз анҵамҭагьы.

Белла Барцыцԥҳа, аԥсуа бызшәа ҳтәыла иқәыҩҩыр аныҟамлоз аамҭақәа рзы, ақырҭцәа дырҿагыланы идлыбон, егьа хәымгара ҟарҵаргьы аԥсуа ихатәы бызшәа ахәаҽра шрылымшо. Лара лыбжьала раԥхьаӡакәны ицәажәеит арадиодырраҭара "Ицәажәоит Гагра", агазеҭ "Авангард" адакьақәа рҿы акьыԥхь рбеит Белла Барцыцԥҳа лыстатиақәа. Ашәҟәҩҩреи ажурналиститкеи инарываргыланы, рҵаҩыс аус луан аԥсуа школ аҟны.
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа иҭлыжьхьеит жәохә шәҟәы, урҭ рахьтә быжьба ажәеинраалақәа реизгақәа роуп. Иахьазы аҭыжьра иазыхиоуп ашәҟәқәа хәба.

Иазгәаҭатәуп, ааигәа, атәыла Ахада Иусԥҟала, апоетесса Белла Барцыцԥҳа илаҭәаршьараны ишыҟоу "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара.

Аижәлантәқәа Барцыцаа рыхьӡала, апоетесса лаҳаҭыр азы, абас еиԥш иҟаз аиубилеитә хәылԥазы еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Левард Барцыц.

"Иахьа, абраҟа, Барцыцаа ҳаҳәшьа пату лықәҵаны иааиз, лааԥсара ахә ҳаракны изшьаз иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәыжәлеи шәыешьареи шәагымзааит", — иҳәеит иара.

Белла Барцыцԥҳа лакәзаргьы, лганахь агәцаракра аазырԥшыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит сиубилеитә хәылԥазы иаҭаази зҽалазырхәызи. Агәра ганы сыҟоуп, апоетцәа рабиԥара ҿыцгьы абраҟа иштәоу. Сара сырҿиамҭақәа зегьы зызкыу, схы сыԥсы аасҭа бзиа избоу сыжәлари сыԥсадгьыли роуп", — ҳәа азгәалҭеит апоетесса.

Иара убас, аҭагылазаашьа лхы иархәаны, Белла Барцыцԥҳа, Гагра араион Ахадара рахь аҳәара ҟалҵеит, аԥсуа шәҟәҭиирҭа адәқьан, ақалақь агәҭа иаартызарц азы агәахәара ду шлымоу.

Белла Барцыцԥҳа лгәазыҳәара напеинҟьарыла ирыдыркылеит аԥсуа литература згәы азыбылуаз зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0