Аԥснытәи абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рзы ашәахтәқәа дырԥсыҽуеит

© Fotolia / Sergey_pАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистрраҟны иҟоу аекспертцәа рхеилак аус аднаулеит абжьаратәии абизнес маҷи рзы апреференциақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ашәахтә ԥсшьарақәа рзи анаплакыра асубиектқәа рзы ашәахдҵараҿ аԥыжәарақәеи, апреференциақәеи рзы" азакәан апроект азнархиеит Аԥсны Аекономика аминистрраҟны иҟоу аекспертцәа рхеилак. Абри атәы Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба.

"Азакәан аҟны иарбахоит анаплакыҩцәа рнаплакытә усура амҩаԥгараан шықәсык инаркны хышықәсанӡа аиҳабыра рыӡбра ҷыдала  ашәахтәқәа рҟынтәи рхы рақәиҭтәра арыцхә", — иҳәеит Ҭарба.

Аԥсны анаплакыҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, аекспертцәа рхеилак алахәыла Роман Каҷараа иазгәеиҭеит  абизнес маҷ апроблемақәа рацәаны ишамоу. Арахь иаҵанакуеит аԥаразоужьреи акредит аиуреи.  Иара иажәақәа рыла азакәан апроект ҿыц аинтерес амоуп, избанзар иара иалнаршоит ҿыц  аусура знапы алазкуа анаплакыҩцәа рбизнес арҿиараз алшара ахьырнаҭо азы.

"Сара ишеилыскаауа ала  анаплакыҩцәа шықәсык инаркны хышықәсанӡа  ашәахтәқәа ршәараҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит. Арахь иаҵанамкуа ашәахтәқәа иреиуоуп:  аҳәаа ахысраантәи ашәахтә, алагалатә шәахтә, аҳазалхратә баџьқәа. Егьырҭ аҩныҵҟатәи ашәахтәқәа рҟынтәи анаплакҩы ихы дақәиҭтәуп", — иҳәеит иара.

Ҭарба иазгәеиҭеит арҭ аԥыжәарақәа иарбан усхкқәоу рҟны иалагалахо макьаназ ишьақәырӷәӷәам ҳәа. Иҟалоит ақыҭанхамҩа, агроааглыхра, атуризм русхкқәа ракәхар ҳәа азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0