Мирзоиан: Кобахьиа иажәахә азыӡырыҩцәа анырра рнаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аҟазауаҩ хада Наала Мирзоиан
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аҟазауаҩ хада Наала Мирзоиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны, ԥхынҷкәын 5 рзы V Жәларбжьаратәи Санкт-Петербургтәи акультуратә форум алахәылацәа Аԥснытәи АИХ (СМИ) ирзеиҭарҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрреи рыбжьара 2017 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоу аусеицуратә уснагӡатәқәа ртәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6— Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа V Жәларбжьаратәи Санкт-Петербургтәи акультуратә форум аҟны иҟаиҵаз ажәахә азыӡырыҩцәа, афорум алахәылацәа анырра ду рнаҭеит лҳәеит Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аҟазауаҩ хада Наала Мирзоиан.

Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи афорум иалахәхоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи афорум иалахәхоит

Мирзоиан лажәақәа рыла Аԥсны Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ апленартә еилатәара "Сохранение, реставрация исторических садов и парков и их роль в современной жизни" аҟны дықәгылан ажәахә ҟаиҵеит.

"Баҭал Кобахьиа иажәахә аҟны иааирԥшит аԥсуаа рзы аԥсабара, ашәаԥыџьаԥ, адәқәеи акаршәрақәеи, анхарҭа ҭыԥқәеи ашҭақәеи аҵак ҷыда рыманы ишыҟоу. Иеиҭеиҳәеит  XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи ирыбжьанакыз аамҭазы аҿиара змаз апарктә культура атәы.  Зегьы еицырдыруа акоуп Европа шамахамзар аҭоурыхтә паркқәа зегьы рхатәы  еиҿкаашьа рыманы ишыҟоу, аха имаҷҩуп издыруа уи аганахьала Аԥсны иамоу аҷыдарақәа", — лҳәеит Мирзоиан.

Сынтәа 50 шықәса зхыҵуа Гатчинатәи  аҳҭынраҿы имҩаԥысуаз V Жәларбжьаратәи Санкт-Петербургтәи акультуратә форум аҟны иалацәажәон аҭоурыхтә баҳчақәеи апаркқәеи реиҭашьақәыргылареи ҳаамҭазы рхархәареи азҵаара.

Мирзоиан ишылҳәаз ала  афорум алахәылацәа Аԥсни, Урыстәылеи, Европеи рԥышәа ахархәарала аҭоурых обиектқәа рышьақәыргылашьа атәы рҳәон.  Апленартә еилатәара амшхәаԥштә азҵаара хада ҳәа иҟаз адунеи апаркқәа реиқәырхареи реиҭашьақәыргылареи рылацәажәара акәын.

Апресс-конференциаҟны ажурналистцәа ишырзеиҭарҳәаз ала  Баҭал Кобахьиа уажәы Москва дыҟоуп. Уи уа иҽалаирхәуеит акультуратә ҭынхатә баҟақәа рсистемаркра апроблема иазку аконференциа.

V Жәларбжьаратәи Санкт-Петербургтәи акультуратә форум иалахәын  Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа зхадараҟны дыҟаз Аԥснытәи аделегациа. Аделегациа иалахәын Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, аминистрра аҟазауаҩ хада Наала Мирзоиан, аминистрра азинтә зҵаарақәа рзы аҟазауаҩ Ирма Цәеиԥҳа, Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба, Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

Ажәабжьқәа зегьы
0