Гәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагра
Гәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭ фырхаҵа Гәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәаҭан Гагратәи аԥсуа школ аҟны.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсуа милаҭ фырхаҵа Гәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны. Арахь ааԥхьара рыман, Гәдиса Смыр ихылҵшьҭра ахаҭарнакцәа, ижәлантәқәа.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалагӡаны, ашколхәыҷқәа иазааҭгылеит амилаҭ фырхаҵа иԥсҭазааратә мҩа.

Гәдиса Смыр Асовет Еидгыла ашьақәгыламҭаз, абольшевикцәа раԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын. Анхацәа ринтересқәа рыхьчара дашьҭан.

Гәдиса Смыр Афон Ҿыцтәи аберцәа аҿагылара риҭон. Жәлар рҳәамҭақәа рыла, дара, анхацәа адгьылқәа рымырхуан, идырҳәуан. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа, зынӡа имаҷуп Гәдиса Смыр иӡбахә зҳәо аматериалқәа, аха иара ихылҵшьҭра ирылшо зегь ҟарҵоит, амилаҭ фырхаҵа аҭоурых адаҟьақәа рҟны дынхарц азы, рхы азышьҭны рыжәлантә изы еидыркылоит аҳәамҭақәа.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалагӡаны, ахәыҷқәа ирыԥхьеит Гәдиса Смыр изкыз ажәеинраалақәа, инарыгӡеит жәлар рашәа.

Анаҩс, ашколхәыҷқәа, иааиз асасцәа, Гәдиса Смыр изкыз афактқәа реилкааразы азҵаарақәа рзықәдыргылон.

"Гәдиса Смыр аамҭала имаҭәа-иҩыҭәа амузеи ахь ишьҭын, аха урҭ иахьанӡа инымхеит. Арепрессиатә шықәсқәа раан, ажәлар ирылаланы абџьар анрымархуаз, Гәдиса ишәақьгьы уи злеиҵаҵаз аптрон заҵә нҭырҟьаны иашьа имхны иргеит", — ҳәа ахәыҷқәа идеилиркааит, аҭоурыхҭҵааҩ Џьон Смыр.

Иара убас, ашколхәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит, Гәдиса Смыр атәылаҟны ицназгоз ашәарыцаҩ дшыҟамыз. Афырхаҵа 24 шықәса дшырҭагылаз, ашәарыцараҟны ахра дагоит. Арԥыс иԥсыбаҩ иуацәеи иқыҭауааи ашьҭан акраамҭа. Ианырбагьы, иахьышьҭаз ацаҟьа аҵаҟантә ахагалара уадаҩхеит, аха рхы рыԥсы иамеигӡакәа, шахала рыҽҿаҳәаны аԥсы дхаргалеит. Гәдиса Смыр иҭахара, ицәыӡ духеит аԥсуа жәлар зегь рзы.

Афырхаҵа Гәдиса Смыр изку жәлар рашәа акәзар, уи раԥхьаӡакәны инагӡан иԥсхәра аҽны.

Жәлар рфырхаҵа анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Арҩҭа.

Еиқәырханы иҟоуп, Гәдиса ишьхьаз абӷабқәа ртәыҩақәа ирылихыз аԥаҭхьқәа ҩба, урҭ рыла иахьа уажәраанӡа ачарақәа рҟны аҩы ржәуеит.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә аҟны еилкаан, Афырхаҵа изкыз, аинтерес змаз даҽа фактк. Гәдиса Смыри Нестор Лакобеи ибзианы еибыдыруазаарын.

Амилаҭ фырхаҵа данҭаха, Нестор Лакоба иажәа иалаҵаны иҳәазаап "Ҳаӷба ӡааҟәрылеит", — ҳәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагра
Гәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Гәдиса Смыр 120 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагра

Аиԥылара ахырқәшамҭаз, асасцәа ашкол ҳамҭаз иазынрыжьеит Нестор Лакобеи ипатреҭи Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳԥса Гьаргь иуасиаҭ аԥсышәалеи урысшәалеи, Омар Беигәаа изкны иҭыжьу ашәҟәы, Шота Сымсым авторс дызмоу аҭоурыхтә поемақәеи ажәеинраалақәеи аетнографиатә материалқәеи реизгақәа.

"Иахьа, Гәдиса Смыр изкны абас еиԥш аинтерес зҵаз агәалашәаратә усмҩаԥгатә еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Амилаҭ фырхацәа рыхьӡ ахаан иӡуам. Урҭ аамҭала идырҳахьаз хьӡи-ԥшеи ирыбзоураны, ҳмилаҭ аҳаҭыр аман. Зыхьӡ наҩхьоу Афырхацәа ирыцназго ҳтәылаҟны аҿар рацәахааит", — рҳәеит аишьцәа-аижәлантәқәа Смыраа.

Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор лакәзаргьы, лыхәҭакахьала асасцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит, дара рыбзоурала, ахәыҷқәа иҵегь аинтерес зҵаз афактқәа ахьрызнаргаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0