Коӷониаԥҳа: Sputnik Аԥсны аҟны еиҿагылоу агәаанагарақәа аарԥшызар ҟалон

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩ Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩ Елеонора Коӷониаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ҩышықәса ахыҵра арыцхә иадҳәаланы ҳрыҿцәажәуеит Аԥсны ажурналистика аганахьала акыр аџьабаа збахьоу ауаа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Апсны ардиостудиаҟны лгәаанаграла лҳәеит аԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩ Елеонора Коӷониаԥҳа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын  8  – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ахҭысқәа рҟнытәи ажәабжьқәа ирласны ирыҩҩуеит, абри атәы лҳәеит аԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩ Елеонора Коӷониаԥҳа. 

"Ахаҿра атәы ҳҳәозар иҟалап аццакра аганахьала аԥыжәара шәымазар, еиҳа ирласны аус жәуеит, ирацәоуп иқәшәыргыло аинформациа. Еиуеиԥшым ахҭысқәа рҟнытәи ажәабжьқәа зегь раԥхьа иҟашәҵоит, уи аинформациа иашьҭоу изы интересуп. Ирацәоуп, иара убас зых иақәиҭу атемақәа, ауаа ирызку, аҟазара иазку. Уимоу, шәара ишәышьҭрақәланы егьырҭ атема андырҭбаауагьы ыҟоуп", — ҳәа лҳәеит Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсуа редакциа аусушьа атәы далацәажәо ажурналист иазгәалҭеит аԥсышәала иҩҩу анҵамҭақәа шмаҷу.

"Исҭахын аԥсышәала иҟазарц ажурналист еиҳа ихаҿсахьа аазырԥшуа аҭҵаарақәа, арепортажқәа", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Елеонора Коӷониаԥҳа илҳәеит пҳьаҩык лаҳасабала аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҟны илбарц шылҭаху темакала, еиқәымшәо агәаанагарақәа аазырԥшуа аматериалқәа. 

"Исҭахын нҵамҭакаҿы ҩ-гәаанагарак ҟашәҵалар, еиуеиԥшым аиҿцәажәарақәа. Интересхон, ҳәа сгәы иаанагоит, еиҿагылоу агәаанагарақәа аарԥшызар", — лҳәеит лара.

Ателехәаԥшра аусзуҩ ажурналистикаҿы ихадароуп ҳәа иазгәалҭеит, ибзиаӡаны аус злаууа абызшәа адырра. 

"Аӡы кыламсуа иудыруазар ауп аус злаууа абызшәа, ажәа азыҳәан уџьыба уҭамло уҟазар ауп ужурналистзар. Ажурналист абызшәа бзианы ианыидыруа даара иџьбароу азҵаара иманшәалоу ажәақәа рыла иааирԥшыр илшоит, аус дарымҭо. Иџьбараны иуҳәар ауеит азҵаара, ауаҩы ицәа ԥызымҽуа ажәақәа аламҵакәа", — ҳәа лҳәеит лара.

Елеонора Коӷониаԥҳа лгәаанагарала, аԥсуа журналистикаҿы ицәырҵуа иалагароуп ахьыӡ ҿыцқәа.

"Даараӡа исҭахын инеибеиԥшны егьырҭ амассатә хархәагақәа рҿы зегьынџьара зхатә хаҿра змоу, зхатә ҟазшьа змоу ахьыӡқәа иҵегь ицәырҵларц. Даараӡа бзиа избаӡом, уи аҟара исзеилкааӡом ажурналист апартиа амаҵ аназиуа. Аԥшәма иааигәаны данухагылоу, иуадаҩуп уара ишыуҭахыу еиԥш аматериал аҟаҵара", — ҳәа лҳәеит лара.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны  аусура иалагеит ԥхынҷкәын ааба, 2014 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0