00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ԥлиа: Аҟәеи Санкт-Петербурги русеицура хацыркхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәеи Санкт-Петербурги русеицура хацыркхоит
Аҟәеи Санкт-Петербурги русеицура хацыркхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизареи Санкт-Петербург азакәанԥҵаратә еизареи рыбжьара Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит ԥхынҷкәын 7 рзы, Мариинтәи ахан аҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik. Ԥхынҷкәын 7 рзы, Мариинтәи ахан аҟны Амеморандум анапаҵаҩра ашьҭахь, Аҟәатәи ақалақьтә еизара аиҳабы Константин Ԥлиа иҳәеит ақалақьқәеи атәылақәеи рыбжьара аизыҟазаашьа ҿыцқәа цәырҵраны иҟоуп ҳәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура адырраҭарақәа рыла Амеморандум анапаҵаҩра ацеремониа иалахәын Санкт-Петербургтәи азакәанԥҵаратә еизара алахәылаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа иалахәын ақалақьтә еизара адепутатцәа Лаша Ашәба, Адамур Лагәлаа, Роман Цкәуа, Нарсоу Салаҟаиа, Инна Кәарҷиаԥҳа.

Санкт-Петербургтәи азакәанԥҵаратә еизара ахантәаҩы Виачеслав Макаров иазгәеиҭеит анапы зҵарҩыз адокумент аҵак ду аманы ишыҟоу, иара атәылақәа рыҩбеи ақалақьқәа рыҩбеи рекономикатәи ркультуратәиеимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара ишацхраауа.

"Ҳаиҩызара аҭоурых ду амоуп. Амеморандум иалшоит аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыдагьы, астратегиатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәагьы рырҿиара. Ааигәа, Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан иазгәаҭан 9 миллиарк инаӡо аинвестициатә проектқәа рпакет шеиҿкаау", — иҳәеит иара.

Аиԥылараҟны иаԥхьан Аҟәа Ахада Адгәыр Ҳаразиа инеишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы. Уи уа иазгәеиҭон Амеморандум анагӡара бзиа аманы иҟалап ҳәа агәыӷра шимоу.

Аҟәатәи адепутатцәа Санкт-Петербургҟа инеиит рколлегацәа ирырҭаз ааԥхьара инақәыршәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0