Аԥсуа жәлар рашәақәеи, рмузыкатә рҳәагақәеи лареи реибадырреи, урҭ рахь агәыбылрашлызцәырҵыз атәи еиҭалхәеит Аԥсны Жәлар рартиска Роза Чамагәуаԥҳа Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа данлыҿцәажәуаз.
— Роза Расим-иԥҳа аҟазара ахкқәа рацәоуп,иаҳҳәап: асахьаҭыхра, акәашара, избан шәара ашәаҳәара залышәкааз, шәҭаацәара аҟазара злаз ҭаацәароума?
— Аԥсуа рыҟны асасдкылара ыҟоуп, саб игәараҭаҿгьы убас ҳаҟан. Саб асасцәа иманы данааилак уаха, аҵх ргон итәаны, ажәабжьқәеи ашәақәеи рҳәон. Аԥсуа жәлар рашәақәа рҳәара абзиабара ҳзыркыз саб иоуп. Ашкол аҟнытәи ҳаама, мамзар адәынтәи аусқәа ҟаҵаны ҳанааидтәалалак хәлбыҽха ашәа ҳҳәон. Бжьы мацарак акәымкәа, ҩба-хԥа бжьы еилаӡо абас ашәа ҳҳәон. Саб иҳалаиааӡон аԥсуара, ашәаҳәара абзиабара ҳаныхәаҷыз инаркны. Уи заласхыз уи ауп цәгьала бзиа избит жәлар рашәақәа, амузыкатә арҳәагақәа. "Смыр Гәдиса иашәа", "Аиба Хәҭхәаҭ иашәа", "Озбақь ахаҵа иашәа", уҳәа абас ажәытә ашәақәа аҩнаҭаҟны иҳаҳауаз. Ашкол санҭазгьы ашәаҳәаратә ахаԥшьгаратә коллектив ҳаман, иахьабалак аолимпиадақәа срылахәын.
Ус ашкол салганы Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә-ҵараиурҭа амузыкатә арҳәагақәа аҟәшахьы сҭалеит. Амузыкатә ҵараиурҭа уҭалеит мацара ҟалаӡом ухы аус адылыроуп. Уажәы ирацәаны иҟоуп амузыкатә арҳәагақәа, аха усҟан имаҷын, насгьы ақырҭцәеи, аерманцәеи рацәаны иҳалан аҟнытә, аԥсуаа ҳабжьы ҳаргагрьы ҟаломызт. Акультура аминистрра иахагылаз Владимир Кәарҷелиа дмыршәа дымраҳа аԥсуа кадрқәа реиҵааӡараз илшоз зегьы ҟаиҵон. Гәык-ԥсыкала аԥсуа ҟазара згәы ззыбылуаз зегьы абаа шәара ҳкадрқәа шәоуп, аҵара шәҵа, атәым милаҭқәа шәрыҵамхо шәҟалароуп ҳәа, ари анҳарӡ, нас аԥсуара ҳәа акгьы ҟалом ҳәаҳарҳәон. Саргьы акы саҵымхандаз ҳәа аҵара сҵон.
— Амузыкатә ҵараиурҭа шәаналга ашьҭахь, арҵаҩра шәнапы алашәкит, уимоу апедагогикатә институт аҟны аҵара шәҵон. Излеилашәагӡози?
— Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә-ҵараиурҭа сышҭаз, хәыҷык салкааны сырбо иалагеит. Ражден Гәымба аҵараиурҭаҟны аус иуан, ҽнак зны исеиҳәеит, ахәынҭқарратә ашәаҳәареи, акәашареи ансамбль ахь баҳгар ҳтахыуп, быбжьы бзиоуп иҳәеит. Сара мап сымкӡеит, аха саб ииҭахымхеит аҵара сышҭаз аусурагьы салаго, аха Ражден Гәымба Абгархәык дцаны саб еиҳәеит, уи мап имкӡеит. Акультуратә лашаратә- ҵараиурҭа сахьынӡаҭаз ашәа сҳәон ансамбль аҟны. Сҵара анхсырқәша аҵараиурҭаҟны арҵаҩцәагьы азхаӡомызт аҟнытә аусура ҳәа уа саангылеит. Аус шысуазгьы Аҟәатәи институт афилологиатә факультет ахь сҭалеит. Избанзар бзиа избон аԥсуа литературеи, амузыкатә арҳәагақәеи. Уа аҵара шысҵоз ауп,сгәы ишҭаскыз жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыла агәыԥ аиҿкаара, ус иагьыҟасҵеит, агәыԥ акәымкәа ансамбль алҵратә еиԥш. Едуард Бебиа иакәын усҟан аҵараиурҭаҟны еиҳабыс иҳамаз, абарҭ злеидыбкылои ҳәа уамашәа ибаны иҳәон. Дара бзиа ибаны иаауеит, сара мап шырԥацәыскуа ҳәа сҳәон саргьы.
— Акыр шықәса напхгара зышәҭо аҭыҧҳацәа рвокал инструменталтә ансамбль "Гәында" аиҿкаара шԥаҟалеи?
— Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иаҧҵоу аҭыҧҳацәа рвокал-инструменталтәансамбль "Гәында" еиҿкаан акультуратә ҵараиурҭаҿы 1974шықәсазы. Ансамбльанеиҿаҳкаа ашьҭахь ԥшь-шықәса Аԥсны и уи анҭыҵи имҩаԥсыуаз еиуеипшым аконкурсқәаҳрылахәын, аԥхьахәқәагьы ҳгон. Ус ҳшыҟаз, Едуард Бебиеи усҟантәи акультура аминистрсиҟаз Алықьса Аргәыни ирҳәеит, ансамбль аҳәынҭқарратә филармониа иадҵатәуп ҳәа, усиазырӡбаз уи ауп аԥеиԥш бзиа амоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Усҟан ансамбль аҟны еилагыланы ашәа рҳәон аҭыԥҳацәеи, арԥарцәеи. Аха афилармониа ҳанадырҵоз ирыӡбит аҭыԥхацәа рымацара иҟазарц. Ансамбль «Гәында» филармониа иадырҵеит 1977 шықәсазы. Арахь ҳаныиарга асахьаркыратә напхгаҩыс дҟарҵит акомпозитор Мамиа Берикашвили, сара адирижиор иаҳасабала ҳаивагыланы аус ҳуан. Ансамбль ахьыӡ азҭаз Едуард Бебиеи, Алықьса Аргәыни роуп. Нарҭаа аешьцәа раҳәшьа заҵә Гәында, лыхьӡ лыԥша ҳаманы ҳҟалааит сҳәан саргьы сазыразхеит.
— Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы шәколлектив аҭабиақәа рҟны инеины ашәа рҳәон. Иуадаҩызма аибашьра ашьҭахь аҭыԥҳацәа рырхынҳәара, шәара шәхаҭа аҟазарахь агьежьра?
— Аԥсны аибашьра ианалага "Гәындагьы" ҳхы цәхьаҳамкеит. Сара Гәдоуҭа ахәшәҭырҭаҟны ахәцәа анааргоз срыцхраауан ҩымзҟа. Анаҩсан, атәылахьчара аминистрра аҟны Кәасҭа Ченгелиа еиҿикааз ансамбль "Аиааира" аҟны ашәа ҳҳәон, аҭабиақәа зегьы рыҟны ҳнеины аибашьцәа ргәы шьҭаҳхуан. Агәыԥ иалаз "Гәындаа" Сира Аҩӡԥҳа, Марина Лазԥҳа, Ламара Чамагәуаԥҳа, Лиана Кәаӡԥҳа, Лаврина Гәынԥҳа, иара убас сыҷкәын Алхас Ферзбагьы дҳалагыланы ашәа иҳәон. Аибашьра анеилга ашьҭахь, афилармониаҟны аус зуаз аерманцәа, ақырҭцәа, анықәҵ иҭацәит аштатқәа, уи ашьҭахь амузыкатә ҵараиурҭақәа рҟынтәи аӡӷабцәа реидкылара салагеит, аҽарҭбааит ансамбль. Аиаша иуадаҩуп амузыкатә арҳәагақәа арҳәо, ашәагьы ацҳәара.
— Роза Расим-иԥҳа шәырҿиаратә мҩаҿы ишәыман алшара Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа аԥсуабызшәеи, жәлар рашәақәеи, рмузыкатә арҳәагақәеи дырҵара. Ҳџьынџьуаа рахь шәцарашԥаҟалеи?
— Ииашаны, Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспораҟны хәымз аус зуан, сџьабаа маҷ ыҟоуп. Уамашәа ибангьы исгәалашәоит, исҳәоит есымша, сашәа "Ас гәырҩала ас смиӡандаз" уа аҿар ирҳәон. Изыҩҩыз дыжәдыруама ҳәа данразҵаа адырнеқь аиҳабы данҵаа, иҳаздыруам, аха иара бзиа иаҳбоит рҳәеит. Абри ашәа автор лоуп ҳәа анреиҳәа, еиҳа ргәы ацԥыҳәаны аҵара рҵон. Аиаша шәасҳәап, бымцан шырҳәоз сааит, ҳаибарҵәыуа ҳаиԥырҵит. Абжьы змамыз ыҟазаргьы, аԥсуа бызшәа днарҵоит ҳәа ашәа зҳәоз ирыласыргылон. Хәымз рыла иаармаҷны ирҭахыу рҳәаратәы аԥсуа бызшәа рҵеит. Аԥсуа бызшәеи, амузыкатә арҳәхагақәеи рнаҩсан. ааӡара аганахьалагьы аус зуан, ирзеиҭасҳәон аҭоурых, ҳҵасқәа.
— Шәнапы злакыу аамҭа рацәаны иаҭахыуп. Шәҭаацәа ишԥарыдыркыло шәара шәусура?
— Амузыкатә ҵараиурҭа саналга ашьҭахь, аусура салагеит уа ишыс ҳәаз еиԥш. Усҟан сыԥшәма аҵара дҭалеит. Ахәыҷқәа еидкыланы ианазыҟасҵоз иаргьы дныҟәон азыҟаҵарақәа рахь. Иахьысҳәо иԥхашьароуп, аха сигәаԥхеит иаразнак, аха ииҳәаӡомызт, аӡәы дагхар иуомызт, дсыцхраауан еснагь. Ус аҵара далганы арра дцеит, иуалԥшьа нагӡаныданааи аҭаацәара ҳалалеит. Зҳәоу еиқәшәоу ҭаацәароуп сҳәарц сылшоит, ахааназ улахь аханы уџьамшь ыҟоуп ҳәа еибыҳамҳәацызт. Џьара акы сахьымӡаргьы, исыгхаргьы ҳабжьара еснагь иҟан, иҟоуп аилыибакаара, пату еиқәҵара. Сызднагылаз Ферзаа рҭаацәарагьы аҟаза уаан, ҳаилыибакаауеит иахьанӡагьы. Алафгьы сылырхәон агәылацәа, ашәаҳәаҩцәа амузыкатә напхгаҩы даажәгеит ҳәа. Аԥсуаа ирымҳәои, рыц дкылагыланы драаӡеит ҳәа, сыҷкәынгьы убас дҳааӡеит. Лара ахәыҷқәа лааӡоит, лыҷкәын дылзымааӡеит ҳәа рҳәар еиҳа сыԥсыр еиҳа еиӷьуп сҳәон. Анцәа иџьшьоуп сирԥхашьо дыҟам. Исылымшыц шаҟа ыҟоу, иҟасҵаз макьанаӡа имаҷуп, аха абри мыӡындаз ҳәа ауп сшаҿу. Аԥсуа аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет аҟны астудентцәа аҵара дсырҵоит, ирзеиҭасҳәоит амузыкатә арҳәагақәа рҭоурых, ажәытә ашәаҳәаҩцәеи, аԥхьарца арҳәагацәеи рыхьыӡқәа рзеиҭысҳәоит. Ааӡара аганахьалагьы ирзеиҭысҳәо рацәоуп, уи зегьы гәыкала саҿуп. Ахааныз аулафахәы сахәаԥшны, аԥара сахәаԥшны саламгеит ари аус, издыроз ахәыҷы дсырҵар сҭахын зегьы.
— Ишԥалагои ашәаҳәаҩ лымш?
— Ашьыжь аусура сшааилак еиԥш, сыбжьы аасырԥшоит амузыкатә рҳәагақәа зегьы рырхиашьа гәасҭоит. Асааҭ жәба рыбжазы аусура ҳалагоит, аӡӷабцәа рыбжьы сааҭк аус асыруеит, нас ашәаҳәара ҳалагоит. Ансамбль арепертуар арҿыцра еснагь сашьҭоуп, ажәлар игәаԥханы ирыдыркыларишь ҳәа схәыцуеит. Сусуратә мшы каҳуада изыҟалом, акаҳуа ршны ианаҳжәогьы ҳазлацәажәуа аҟазара ауп.