Апарламенттә алхрақәа рыҿҳәара шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламенттә алхрақәа рыҿҳәара шьақәырӷәӷәоуп
Апарламенттә алхрақәа рыҿҳәара шьақәырӷәӷәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент ахь алхрақәа рхы рыладырхәыр алшоит ареспубликатә политикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба атәыла Апарламент ахь алхрақәа хәажәкыра 12 2017 шықәса рзы имҩаԥгазарц ишьақәирӷәӷәеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә-саит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан "Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа рзи" инарықәыршәаны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Ақәҵара алхарақәа рымҩаԥгара аҿҳәаразы", ҳәа арбоуп асаит адырраҭараҟны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан "Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа рзы" аԥсахрақәа инарықәыршәаны, адепутатрахь рхы ықәдыргылар ҟалом зус рыӡбхьоу, зыхшыҩ еилагоу иара убасгьы арыжәтәи анаркотикатә маҭәашьарқәеи рыдыркылоит ҳәа официалла иҭарыҩхьоу ауаа.

Аус зуа азакәан аредакциала Апарламент ахь алхрақәа рхы рыладырхәыр алшоит ареспубликатә политикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа, алхыҩцәа ргәыԥқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0