Ҭарба: амандарина аҽаҩра амаҵа-пытқәа аԥырхагахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук2016 шықәса рзы ареспубликаҟны ирацәахаз апытқәа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду арҭеит.
2016 шықәса рзы ареспубликаҟны ирацәахаз апытқәа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду арҭеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы ареспубликаҟны ирацәахаз апытқәа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду арҭеит.

Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов аинтервиу иҭо Аԥсны Ақыҭанхамҩа АҬИ (НИИ) анауказ адиректор ихаҭыԥуаҩ Федор Ҭарба иҳәеит сынтәатәи амандарина ҽаҩра ааха шарҭаз апытқәа. иара иажәақәа рыла урҭ амандарина ажьырӡы ахьалрыцәцәаауаз аҭыԥқәа рҟны амандарина –цәа кьакьаӡа иаанхеит, арыцқьарагьы алшом. Аха уи ауаҩԥсы игәабзиаразы ишәарҭам, избанзар усеиԥш иҟало ацәа мацароуп.

– Федор Тамил – иԥа, сынтәа амандаринақәа рцәақәа уашәшәырахеит, ҭыԥ-ҭыԥла еиқәароуп. Ирҳәоит сынтәа ирацәахаз апты иахароуп ҳәа?

– Ииашоуп. Сынтәа апты аԥхасҭа ду ҳнаҭеит. Ауаҩы игәабзиара ишаԥырхагамгьы ашәыр анна-ара еиқәаҵәаӡа. Икьакьаӡа иҟанаҵеит.

– Амандарина агьамеи аҵәахра аҿҳәареи ԥырхагас иамаӡами?

– Мап. Усеиԥш ԥырхаган иҟам. Апты ашәыр шхәыҷу ажьырӡы аналнацәцәаалак, ашәыр азҳара иаҟәыҵуеит.

– Иабанӡароацәоу ари аҩыза аҭагылазаашьа?

– Ҭыԥ-ҭыԥла иуԥылоит. Аԥхьаҵәҟьа апты рацәахеит ашьха иахьаԥну аҭыԥқәа рҟны, нас маҷ-маҷ амшын аԥшаҳәахьгьы ицәырҵуа иалагеит.

–Иабантәаанагеи урҭ амаҵақәа?

– Уи аӡәгьы издырам. Ҵыԥх Адлер иахьаҵанакуаз акыр ирацәаны иуԥылон. Уажәы ҳара ҳахь ииасит. Рхыԥхьаӡара рацәахар рықәгаразы аҽазышәарақәа мҩаԥгатәуп.

– Ҽазышәарас иаҭахузеи?

– Иҷыдоу ахәшәқәа ахархәара рыҭатәуп. Урҭ амыхәар, системала ахәышәтәрақәа ирылагатәуп.

– Инеиҵыхны иҳаилшәыркаар?

– Аҵиаақәа еиуеиԥшым ахәшәқәа рықәҭәара иалагатәуп. Еснагь имҩаԥгалатәу ахәышәтәрақәа рнаҩсангьы иаҭаххоит апытқәа нзырҵәо ахәшәқәа.

–2016 шықәсазы Аԥсны амандарина ҽаҩра иаҭагылазаашьоузеи?

–30-35 нызқь тонна рҟынӡа инаӡоит. Ҵыԥх 20 нызқь тонна рҟынӡа аҽаҩра ҭаан.

– Асеиԥш аиԥшымзаара аҭыԥ замоузеи?

– Ацитрустә шәырқәа шамахамзар ашықәс еиҩырхуеит. Амаҵа-пытқәа Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы иқәнагалеит хышықәса раԥхьа. Иахьазы, аекологцәа ишазгәарҭо ала урҭ рнырҵәаразы методикак шьақәыргыланы иҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0