Аҟәа имҩаԥысит "хендмеид" афестиваль

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа имҩаԥысит "хендмеид" афестиваль
Аҟәа имҩаԥысит хендмеид афестиваль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хендмеид афестиваль – ашықәсҿыцазтәи Арт-Маркет 2016 аатит Аҟәа, аусгьы ауеит ԥхынҷкәын 24 инаркны 25 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Хендмеид афестиваль– ашықәсҿыцазтәи Арт-Маркет 2016 аатит Аҟәа, аусгьы ауеит ԥхынҷкәын 24 инаркны 25 рҟынӡа. Иара мҩаԥысуеит акультуратә ҭыԥ "Склад" аҟны.

Хыԥхьаӡарала ари аԥшьбатәи фестивальуп. Афестиваль аиҿкааҩ, аҿар ркультуратә центр "РАРА" ахантәаҩы Ксения Ирисова-Багаԥшь далацәажәоит иара уаанӡатәи афестивальқәа излареиԥшым атәы.

"Иахьа афестиваль иалахәуп ареспублика ахьынӡа-наӡааӡо инхо ауааԥсыра. Раион-цыԥхьаӡа иаҳҭааны иҟоуп. Иҟоуп атәыла анҭыҵынтәи иаҳзаазгьы. Арҭ зегьы апроект ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иамыцхраарц рылшом", — лҳәеит Ксения Ирисова-Багаԥшь.

Ашықәсҿыцазтәи Арт-маркете 2016 иаднаԥхьалеит алахәылацәа ҿыцқәагьы. Урҭ дреиуоуп аскульптор Архип Лабахәуа. Иара арахь иааигеит ахыц, ахәымпал, амҿы иалху аҟамақәа, ачықьмачақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗимний арт-маркет.
Зимний арт-маркет. - Sputnik Аҧсны
Зимний арт-маркет.

"Сара бзиа избоит акалам аус адулара. Иара иалхны иҟасҵоит ачықьмачақәа. Урҭ аханатәтәи рдизаин ааныжьны исымоуп. Исҭахуп акалам алшарақәа еиҳа ирызхьасырԥшыр избо, сара исырҿио аасҭа", — иҳәеит иара.

Архипа Лабахәуа иажәақәа рыла икымҭақәа асувенир ҟазшьа рымоуп.

Афестиваль аҟны ирацәан аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны еиҿнакааз "Аӡынтәи аԥошьҭа" ала зҩызцәа, зыуацәа адныҳәалара рызҭарц зҭахыз.

Sputnik астенд аҟны аҭааҩцәа иалырхыр рылшон адныҳәаларатә сахьашәҟә.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьҭу асахьашәҟәқәа аныҳәамшқәа ирылагӡаны изоураны иҟоу ирызнаргоит.

Ҭырқәтәылатәи алахәылацәа анапылаҟаҵара хьымаҭәа кылыргеит.

Саид Кәыџба иажәақәа рыла аусумҭақәа аԥсуа милаҭтә орнамент ахархәарала инагӡоуп.

"Ҳара ирацәаны иҳамоуп анапылалых хьымаҭәа. Аха аиҳарак араӡны ҳхы иаҳархәоит. Зегьы Сҭамбул ақалақь аҟны иҟаҵоуп", — иҳәеит иара.

Анны Шахбазиан лакәзар уаанӡатәи Арт-маркетқәагьы дрылахәын. Лара еиҭалҳәеит аԥсуа милаҭ-цәамаҭәа аинтерес шышьҭылхыз. Уажәтәи афестиваль ахь иаалгаз анапкымҭақәа ҳаамҭазтәи аматериал ишалхугьы ажәытә-ҟазшьа змоу аӡахышьақәа лхы иалырхәеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗимний арт-маркет.
Зимний арт-маркет. - Sputnik Аҧсны
Зимний арт-маркет.

"Снапкымҭақәа аинтерес рымазаарц амузеиқәа сырҭаауан, абиблиотекақәа рҟны амилаҭтә цәамаҭәеи архиагақәеи ртәы зҳәоз ашәҟәқәа срыԥхьон. Сара ари аус даара исгәаԥхоит", — лҳәеит Анна.

Ауаа рацәа еизызгаз Хендмеид афестиваль – ашықәсҿыцазтәи Арт-Маркет 2016 аатит Аҟәа, аусгьы ауеит ԥхынҷкәын 24 инаркны 25 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0